Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Асахьаҭыхыҩ Ԥлиа: "сахьымцәыхьцәыхьуаз" аҭыԥ ыҟаӡамызт, сан лпаспорт инаркны

Асахьаҭыхыҩ Ԥлиа: «сахьымцәыхьцәыхьуаз» аҭыԥ ыҟаӡамызт, сан лпаспорт инаркны
Анапаҵаҩра
Лыхны ақыҭан аус ауеит аԥсуа сахьаҭыхҩы, Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Адгәыр Ԥлиа иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Автор ицәыргақәҵаҿы иӡыригаз аусумҭақәа, ихатә галереиа иадҳәалоу игәҭакқәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Ақыҭа аԥсабара, ақалақь архитектура, иԥшьоу аҭыԥқәа аарԥшуп аусумҭақәа, ацәыргақәҵа ахаҭа Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра иадҳәалоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Ԥлиа.
"Аибашьра атематика иадҳәалоу аусумҭа сымоуп. Уи аибашьра анеилга ашьҭахь шықәсык ааҵуаны иҟасҵеит, графикоуп. Аха, уажәы иӡыргаӡам, Аиааира амш аҽны еиҿкаахо ацәыргақәҵаҿы иҟалоит. Еиҭа уи атематикала аескизқәа сымоуп, аибашьра сыблала избеит, итема цәгьоуп, аха иасырбаз ыҟоуп, еиҭа сазхәыцуеит", – иҳәеит Ԥлиа.
Асахьаҭыхҩы еиҭеиҳәеит агалереиа аԥҵара шыҟалаз атәы.
"Гәдоуҭа иҟаӡам ацәыргақәҵатә зал, исҭахын аҿар идсырбар, аусура адагьы аҟазара шыҟоу. Иара "GALA" ахьӡуп. Сан, арҵаҩы, лгәалашәара иазкуп. Саныхәыҷыз акарандашь аашьҭыхны "сахьымцәыхьцәыхьуаз" аҭыԥ иҟаӡамызт, лпаспорт инаркны. Ашкол аҿы аныҳәақәа раан иҭыхтәыз зегьы сара иҟасҵон, ахәыҷқәа ашкол ахь ицоз рзы анбанқәа ҭысхуан. Исҭахы исҭахым ислырҟаҵон аплакатқәа", – ҳәа игәалаиршәеит Ԥлиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0