Гагра ҩышықәса рыла 17 нызқь метра ԥшьаркца инеиҳаны ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс ԥсахуп
19:30 21.06.2023 (ирҿыцуп: 20:45 21.06.2023)
© Sputnik / Томас ТхайцукУкладка тротуарной плитки
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс аԥсахреи уи иадҳәалоу аусурақәеи рзы Гагра араионтә биуџьет аҟынтәи иазоужьуп 85 миллион мааҭ инареиҳаны.
АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ҩышықәса рыла 17 нызқь метра ԥшьаркца инеиҳаны ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс ԥсахуп ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
Иара иажәақәа рыла, ахаҳәҟьаԥс аԥсахреи уи иадҳәалоу аусурақәеи рзы 85 миллионмааҭ азоужьуп. Ақалақь аҩнуҵаҟа иалыршахеит ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс аԥсахра, иара убас амшын аԥшаҳәеи аӡиасқәа Жәҩакәареи Гагрыԥшьи ирыбжьанакыз ареспубликатә мҩадуи рыҟны.
Амшын аԥшаҳәа Приморск апарк азааигәара - Гагрыԥшь аӡиас инаркны агәашьаркыранӡа ишьҭаҵоуп 840 метра ахаҳәҟьаԥс, еиҭашьақәыргылоуп аҵыргәатә ҭыӡқәа, иарсуп афымцалашаратә шьаҟақәа, иԥсахуп ацрыӡҵеиџьқәа. Иааидкылан апроект иартәеит 36,6 миллион мааҭ.
© Sputnik / Томас Тхайцук
Гагра приморсктәи апарк аҟны ахаҳәҟьаԥс ашьҭаҵара
1/3
© Sputnik / Томас Тхайцук
Гагра приморсктәи апарк аҟны ахаҳәҟьаԥс ашьҭаҵара
© Sputnik / Томас Тхайцук
Гагра приморсктәи апарк аҟны ахаҳәҟьаԥс ашьҭаҵара
2/3
© Sputnik / Томас Тхайцук
Гагра приморсктәи апарк аҟны ахаҳәҟьаԥс ашьҭаҵара
© Sputnik / Томас Тхайцук
Гагра приморсктәи апарк аҟны ахаҳәҟьаԥс ашьҭаҵара
3/3

Анардатә еиҿкаара "Стройцентр "Проект" апрораб Арзадин Кәаӡба ишиҳәаз ала, аграниттә хаҳәҟьаԥс Шәачантәи Аԥсныҟа иааргеит. Иара иқәшьқьрааӡом аус адуларагь маншәалоуп.
"Уажәтәи аамҭазы 250 метра ԥшьаркца ирыҵанакуа ахаҳәҟьаԥс ажәытә ықәаагоит. Аусурақәа зегьы ахыркәшарахь инеиуеит . Иазгәаҭоуп ҩымчыбжьа рыла ихыркәшахап ҳәа", - ҳәа иҳәеит Кәаӡба.
Ҵышәба ишазгәеиҭаз ала, ақалақь арҽеираз анапхгара аҭыԥантәи анаплакҩцәа рхатә харџьқәа рыла рааигәа-сигәа дырҽеирц рнапы ианырҵеит.