Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акруизтә лаинер "Князь Владимир" Аҟәа ԥышәарак аҳасабала иаҭаауеит рашәара 23 рзы

© SputnikКруизный лайнер "Князь Владимир" в Сухумском порту
Круизный лайнер Князь Владимир в Сухумском порту - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2023
Анапаҵаҩра
Акруизтә лаинер "Князь Владимир" 600-700-ҩык апассаџьырцәа ныҟәнагоит.
АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik. Акруизтә лаинер "Князь Владимир" Аҟәа иаҭаауеит рашәара 23 рзы ԥышәара ҳасабла ҳәа аанацҳауеит Аԥснытәи амшынтә ӷбарныҟәара.
Сынтәа аӷба ареисқәа мҩаԥыслоит Шәача-Аҟәа-Шәача амаршрут ала.
Акруиз хәымш имҩаԥысуеит, хымш Аҟәа абаӷәазаҿы игылазаауеит. Зынӡа еиҿкаахоит 11 круиз рашәара 29 инаркны цәыббра 11 рҟынӡа.
Аҟәатәи амшынбаӷәазеи авокзали ргылан иаҳхысыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа раан. Асовет аамҭазы амшынбаӷәаза иаднакылон аҳәаанырцәынтә иаауаз акруизтә ӷбақәа, есышықәсатәи атауареикәыршара акыр нызқь тонна инаӡон.
Ажәабжьқәа зегьы
0