Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украинатәи арбџьармчқәа уахыки-ҽнаки рыла Донецктәи ахырхарҭаҿ 400-ҩык инареиҳаны ирцәыӡит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота морской пехоты в зоне СВО
Работа морской пехоты в зоне СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2023
Анапаҵаҩра
Артемовск араион аҟны урыстәылатәи архәҭақәа аӷа ижәыларақәа жәаба аԥдырҟәҟәааит, иара убас даҽа ԥшь-жәыларак егьырҭ араионқәа рыҟны.
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Донецктәи ахырхарҭала ажәылараҿ украинатәи архәҭақәа уахыки-ҽнаки рыла 430-ҩык рҟынӡа рыцәҭахеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

Иара убас, УАМ ирцәыӡит жәеиза еибашьыгатә машьынақәеи, быжь-машьынаки, апикапқәа хԥа, агаубица Д-30, 110-тәи амеханизациа зызуа агәыԥ аџьаԥҳанышьҭаҵараҭа.

Красно-Лимантәи ахырхарҭала еиԥдырҟьеит украинатәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ҩба рыгәҭакы. Иҭархоуп 130-ҩык украинатәи аибашьцәа, аибашьыгатә акәылӡмашьынақәа хԥа, апикапқәа ҩба, ахаланыҟәаратә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", ҩ-гаубицак Д-30. Украинатәи аибашьцәа хҩык шасыс рыҽрырҭеит.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿ украинатәи асолдаҭцәа 170-ҩык ҭахеит, иара убас иҭархоуп танкк, аибашьыгатә акәылӡмашьынақәа ԥшьба, ҩ-гаубицак Д-20, акы Д-30, украинатәи 126-тәи амеханизациа зызу агәыԥ аџьаԥҳанышьҭаҵараҭа.
Купиансктәи ахырхарҭала иҭархоуп 25-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, апикапқәа ҩба, Херсонтәи ахырхарҭаҿ - украинатәи аибашьцәа 50-ҩык инареиҳаны ишьуп, ааха рыҭоуп автомашьынақәа ҩба, артиллериатә шьақәгыла М777, 127-тәи адгьылҵакыратә хыхьчаратә гәыԥ аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Урыстәыла аоператив-тактикатәи арратәи авиациеи, аракетатә архәҭақәеи артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иреихсит УАМ артиллериатә архәҭақәа 96, иҭархоуп украинатәи 60-тәи амеханизациа зызу агәыԥ аџьаԥҳанышьҭаҵараҭа.
Урыстәыла Аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа иааныркылеит аракета "Точка-У", аицҭырҟаьаратә система HIMARS, иара убас иҭархоуп украинатәи аԥырҩы дызҭам ԥшь-ҳаирпланк.
Боевая работа расчетов РСЗО Торнадо-Г 1-й гвардейской танковой армии ЗВО в ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа УАМ рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа еилаԥырххаит
Ажәабжьқәа зегьы
0