Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба аҭоурых азы: иҟаз анузымдыруа иҟоу аилкаашьа уцәыуадаҩхоит

Аҭоурыхҭҵааҩ Аџьынџьтәылатә еибашьара Ду азы: иҟаз ззымдыруа иҟоу аилкаашьа ицәыуадаҩхоит
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагеижьҭеи 82 шықәса аҵреи Кавказ азы аибашьраҿы аиааира 80 шықәса ахыҵреи ирызкыз аконференциаҿы лкаақәас иҟаҵаз арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.
Аҟәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Аиашьаратә жәларқәа афашизм иаҿагыланы рықәԥара". Уи иалахәын Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа.
Аконференциаҟны аус руан арра-ҭоурыхтәи аҭҵаарадырра-практикатәи секциақәеи. Актәи аҟны аҭҵаарадырратә жәахәқәа ҟаҵан, аҩбатәи асекциа азкын Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны ибжьаӡыз, иахьа уажәраанӡагьы зхабар ыҟам. Урҭ рыԥшаара иаҿу аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рықәгыларақәа мҩаԥысит.
Аҵарауаҩ Аслан Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны ицәажәараан иазгәеиҭеит ас еиԥш аусмҩаԥгатә хықәкы хадас ишамоу ауаа рхы рзымдыруа иҟамларазы.
"Ауаҩы ихы изымдыруа даныҟало, иҭоурых анизымдыруа, агәалашәара анимам ауп. Агәалашәара аиқәырхаразоуп раԥхьа иргыланы ҳазрылацәажәо аҭоурыхтә рыцхәқәа. Иҟаз ззымдыруа иҟоу аилкаашьа ицәыуадаҩхоит, ииасхьоу пату ақәзымҵо, ԥеиԥш имоур ҟалоит, иагьиоуӡом", - иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Аҩӡба.
Иара убасгьы дазааҭгылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иахьа Қырҭтәыла ишазыҟоу, рыӡбахә иҳәеит анемец фашистцәа ирыдгыланы еибашьуаз ақырҭуа легионқәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
"Аиашьаратә жәларқәа афашизм иаҿагыланы рықәԥара" захьӡыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаԥнагеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра адгыларала.
Ажәабжьқәа зегьы
0