Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аблоҭиа еиҭеиҳәеит здублиаж ҟаҵоу афильм ҿыцқәа ралԥшаара шыҟалаз атәы

Аблоҭиа еиҭеиҳәеит здублиаж ҟаҵоу афильм ҿыцқәа ралԥшаара шыҟалаз атәы
Анапаҵаҩра
Акиностудиа "Аԥсуафильм" аиҳабы Виачеслав Аблоҭиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсшәахь еиҭагоу афильм ҿыцқәа ралхра шыҟалази аус шрыдырулози ртәы.
Ольга Дубинскаиа лдокументалтә фильм "Владислав изхьаара", америкатәи акомедиа "Ишԥаӷьычтәу амиллион" аԥсышәала абжьы рхаҵоуп.
"Адокументалтә фильм аԥсшәахь еиҭаганы илыман Ҭамила Арышԥҳа, абжьы ахаҵара аԥшьызгазгьы лара лоуп. Акультура аминистрра ақәшаҳаҭхан, абжьы ахаҳҵеит. Аҳәсақәа ринтервиу абжьы ахазҵаз Марина Арсҭааԥҳа лоуп, адиктор - Кьасоу Ҳагба, ахацәа ринтервиуқәа - Даур Арухаа. Ибзианы иҟарҵеит, угәаҵанӡа инеиуа. Сааҭк ицоит афильм. Ԥшьымз раҟара ҳадхалеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аблоҭиа.
Аҩбатәи афильм атәы дазааҭгыло, Виачеслав Аблоҭиа иҳәеит ауаҩы игәы иахәо, игәы зырҿыхо дшашьҭаз.
"Абызшәа ианаалаша ҳәа сшашьҭаз, избеит "Ишԥаӷьычтәу амиллион". Сгәы иаанагеит абри бзиахоит ҳәа. Уа ихәмаруеит аеҵәахә дуқәа - Питер Отул, Одри Хепберн. Урҭ аԥсышәала ицәажәо иалагар, аԥсшәа иаҳа ахә шьҭыҵуеит", - ҳәа длафуеит Аблоҭиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0