https://sputnik-abkhazia.info/20230627/apsny-star-abati-asezon-rakhati-akontsert-maysit-aa-1046587978.html
"Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
"Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амузыкатә проект "Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аҟәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы... 27.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-27T23:50+0300
2023-06-27T23:50+0300
2023-06-28T00:04+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1b/1046586374_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_b48535948e1eca7260274ba3b55ba225.jpg
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амузыкатә проект "Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аҟәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аҩаша, рашәара 27 рзы.Мшаԥы 30 рзы имҩаԥысыз алԥшаарақәа ирхысыз рахьтә актәи аконцерт аҿы иқәгылеит Елизавета Аммаева, Елизавета Ершова, Леван Ԥхалаӡе, Диана Диоскуриа, Кристина Кәыбрааԥҳа, Гәында Абыхәԥҳа, Алиас Ҟалӷьы, Лаура Ҳагԥҳа, Милена Кәыҵниаԥҳа, Таисиа Сердиук, Камилла Кәарцхьиаԥҳа, Диана Чкадуаԥҳа, Ерик Ҳаҭхәа.Урҭ ирыцлеит уаанӡа иалырххьаз Инна Коионова, Нила Наҷҟьебиаԥҳа, Сариа Аиԥҳа, Диана Карбашиан, Рената Ҳаџьиева, Муслим Ларго.Аҩбатәи асезон аан ажиури иалоуп - Аԥсны Жәлар рартистка Нинель Бжьаниаԥҳа, Аҳәынҭфилармониа ахкынагӡаҩ Алхас Ферзба, амузыкатә продиусер Анри Гәымба.Арҵаҩцәа реилазаара аҽаԥсахит. Уажәшьҭа Ильда Қәычбериаԥҳаи Фаиа Мархолиаԥҳаи рнаҩс далагалоуп Аԥсуа драматә театр актиор, ашоумен Руслан Шьакаиеи уи иԥшәма, Аԥсуа ҳәынҭқарратә капелла адирижиор Софиа Реинберги.Аконцерт иалахәыз 19-ҩык рахьтәи 15-ҩык роуп апроект ахь иақәшәаз.Аҩбатәи асезон аҿы иҟалоит ԥшь-концертк, урҭ мызкахь знык имҩаԥыслоит рашәарамза инаркны цәыббрамзанӡа. Жьҭаарамза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа ахԥатәи асуперсезон ҟалоит, апроект афинал акәзар, ԥхынҷкәынмзазы иазгәаҭан иҟоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1b/1046586374_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_2f58b7a9050755592b867bf4d87d0afa.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амузыкатә проект "Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аҟәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аҩаша, рашәара 27 рзы.
Мшаԥы 30 рзы имҩаԥысыз алԥшаарақәа ирхысыз рахьтә актәи аконцерт аҿы иқәгылеит Елизавета Аммаева, Елизавета Ершова, Леван Ԥхалаӡе, Диана Диоскуриа, Кристина Кәыбрааԥҳа, Гәында Абыхәԥҳа, Алиас Ҟалӷьы, Лаура Ҳагԥҳа, Милена Кәыҵниаԥҳа, Таисиа Сердиук, Камилла Кәарцхьиаԥҳа, Диана Чкадуаԥҳа, Ерик Ҳаҭхәа.
Урҭ ирыцлеит уаанӡа иалырххьаз Инна Коионова, Нила Наҷҟьебиаԥҳа, Сариа Аиԥҳа, Диана Карбашиан, Рената Ҳаџьиева, Муслим Ларго.
Аҩбатәи асезон аан ажиури иалоуп - Аԥсны Жәлар рартистка Нинель Бжьаниаԥҳа, Аҳәынҭфилармониа ахкынагӡаҩ Алхас Ферзба, амузыкатә продиусер Анри Гәымба.
Арҵаҩцәа реилазаара аҽаԥсахит. Уажәшьҭа Ильда Қәычбериаԥҳаи Фаиа Мархолиаԥҳаи рнаҩс далагалоуп Аԥсуа драматә театр актиор, ашоумен Руслан Шьакаиеи уи иԥшәма, Аԥсуа ҳәынҭқарратә капелла адирижиор Софиа Реинберги.
Аконцерт иалахәыз 19-ҩык рахьтәи 15-ҩык роуп апроект ахь иақәшәаз.
Фаиа Мархолиаԥҳа лкомандаҿы аиааира иазықәԥалоит - Елизавета Ершова, Елизавета Аммаева, Кристина Кәыбрааԥҳа, Леван Ԥхалаӡе, Сариа Аиԥҳа.
Руслан Шьакаиеи Софиа Реинберги ркомандаҿы - Таисиа Сердиук, Инна Коионова, Ерик Ҳаҭхәа, Диана Карбашиан.
Ильда Қәычбериаԥҳа лкомандаҿы - Лаура Ҳагԥҳа, Муслим Ларго, Рената Ҳаџьиева, Гәында Абыхәԥҳа, Нила Наҷҟьебиаԥҳа. Ажиури ишаӡбаз ала, Ильда Қәычбериаԥҳа лкоманда далалеит Милена Кәыҵниаԥҳа.
Аҩбатәи асезон аҿы иҟалоит ԥшь-концертк, урҭ мызкахь знык имҩаԥыслоит рашәарамза инаркны цәыббрамзанӡа. Жьҭаарамза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа ахԥатәи асуперсезон ҟалоит, апроект афинал акәзар, ԥхынҷкәынмзазы иазгәаҭан иҟоуп.