Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габелаиа глемпинг захьӡу аԥсшьаратә хырхарҭа Очамчыра араион аҟны аҿиаразы: алҵшәа цәгьам

Габелаиа аԥсшьаратә хырхарҭа глемпинг Очамчыра араион аҟны аҿиаразы: алҵшәа цәгьам
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион иахьаҵанакуа аԥсшьаратә хырхарҭа глемпинг аҿиара ахьынӡамоу, аԥсабараҟны иманшәаланы аԥсшьаразы аҩнқәа рыргыларазы ирыдҵаало рацәаҩума, аргыларақәа рзы араион ахадара азин шрырҭо, ас еиԥш аԥсшьарҭақәа абиуџьет ахарҭәаара иахьынӡахәо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра ариаон ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
"Уи аус (аԥсшьаратә хырхарҭа глемпинг азы - азгә.) ибзиоуп, иԥышәоуп, игәаҭоуп, егьырҭ араионқәа рҟынгьы иахьыҟоу рацәоуп, арагьы акы-ҩба иҳамоу рҟны алҵшәа цәгьам ҳәа азуҳәар алшоит. Иахьынӡахәҭоу еиҿкааны зегь рыла иманшәалоуп ҳәа аҳәара уадаҩзаргьы, ахы арманшәалоит ҳәа сгәы иаанагоит. Араион азгьы ицхыраагӡа духоит", - иҳәеит Габелаиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0