Урыстәыла

Путин Украина аконтржәылараантәи ацәыӡқәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБоевая работа расчетов РСЗО "Торнадо-Г" 1-й гвардейской танковой армии ЗВО в ЛНР
Боевая работа расчетов РСЗО Торнадо-Г 1-й гвардейской танковой армии ЗВО в ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2023
Анапаҵаҩра
Украина Алада-Донецктәи, Запорожиатәи, Артиомовтәи ахырхарҭақәа рыла ажәылара иалагеит рашәара 4 рзы.
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Киев аконтржәылара иалагазар иацәыӡит: 259 танк, 780 кәылӡмашьына, Ореховтәи ахырхарҭаҿы аҵыхәтәантәи амчыбжь ала - 41 танки 102 кәылӡмашьынеи ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
"Аҵыхәтәантәи адыррақәа сзааргеит. Аконтржәылара иалагазар аахыс аӷа ицәыӡит 259 танк, 780 кәылӡмашьына, ихадоу ҳәа ирыԥхьаӡо Ореховтәи ахырхарҭаҿы аҵыхәтәантәи амчыбжь ала аӷа ицәыӡит 280 ак атехника, урҭ рҟынтәи - 41 танки 102 кәылӡмашьынеи. Ари шәара шәусура иалҵшәоуп, ҷыдалагьы ҭабуп ҳәа ахаҳҳәаауеит", - ҳәа иҳәеит Владимир Путин Кремль аԥрыҩцәа данырԥылоз.
Украина Алада-Донецктәи, Запорожиатәи, Артиомовтәи ахырхарҭақәа рыла ажәылара иалагеит рашәара 4 рзы. УАМ амчрақәа реиҳарак еизган афронт Запорожиатәи ахырхарҭаҿы. Киев ажәыларахь инанашьҭит НАТО иазнархиаз, бџьарла еиқәнаршәаз абригадақәа.
Рашәара 13 рзы авоенкорцәа рԥылараан Владимир Путин иҳәеит украинатәи аруаа ацәыӡ дуқәа шрымоу, хырхарҭак аҿы қәҿиара шаадмырԥшуа. Иара иажәақәа рыла, Украина иацәыӡхьеит 160 танки 360 кәылӡмашьынеи. Амца зхылыббуа Leopard–қәа рсахьақәа Мраҭашәараҿы ацәажәара ду рхылҿиааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0