Пограничный пост Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Очамчыра аԥшаҳәаҟны аԥсшьарҭаҭыԥ ҿыци амашьынаргыларҭеи ҟарҵоит

© Foto / АГТРК Благоустройство набережной Очамчыры
Благоустройство набережной Очамчыры   - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2023
Анапаҵаҩра
Ақалақь уахьналало аиқәыршәараз Очамчыра араион ахадара аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи 4 миллион мааҭ инареиҳаны иазоунажьҭит.
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Амашьынаргыларҭеи аԥсшьарҭаҭыԥ ҿыци ҟалоит Очамчыра ақалақь уахьналало.
Араион ахадара аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи 4 миллион мааҭ инареиҳаны иазоунажьҭит ари аҭыԥ аиқәыршәараз.
"Горстрой" апрораб Асҭамыр Кәакәасқьыр иажәақәа рыла, иазгәаҭоу аусурақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны амашьынаргыларҭа ҟарҵеит, амшын аԥшаҳәаҟны абаркьыл еиҭашьақәдыргылеит, анеи-ааигатә мҩахәасҭа акаҭран ықәырҵеит.

"Араҟа ажәытә ахаҳәчаԥа ықәганы абаркьылқәа аԥсабаратә хаҳәла ирчаԥеит, аԥхьаҟа иазгәаҭоуп иҷыдоу ахаҳәҟьаԥсла архиара. Иара убас иҟаҵоуп амашьынаргыларҭа, анеи-ааигатә мҩахәасҭа акаҭран ықәҵоуп", - ҳәа иҳәеит Кәакәасқьыр.

Уаанӡа араҟа апальмақәа еиҭарҳахьан. Аԥхьаҟа аԥшаҳәаҟны идыргылоит арымӡқәа, ишьақәдаргылоит алашарбагақәа. Араион ахадара ргәы иҭоуп аплиаж иахьаҵанакуа ишақәнагоу еиԥш аиҿкаара.
Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Оҭар Акаба иажәақәа рыла, ақалақь алаларҭа иԥсшьарҭаҭыԥны иҟалароуп ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзын.
Ажәабжьқәа зегьы
0