Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амԥар Лӡаа ақыҭан аӡхыҵра ашьҭахь иҟоу аҭагылазаашьазы: аӡы ахьыҟам гәарԥк аԥшаара цәгьоуп

Амԥар Лӡаа ақыҭан аӡхыҵра ашьҭахь иҟоу аҭагылазаашьазы: аӡы ахьыҟам гәарԥ аԥшаара цәгьоуп
Анапаҵаҩра
Лӡаа ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Амԥар арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аӡхыҵра ашьҭахь иҟоу аҭагылазаашьа атәы.
Аӡы зегьы ауааԥсыра ргәарԥқәа иҭысны акәын ишаауаз, 90% ақыҭа ааха аҭоуп ҳәа азгәеиҭеит Амԥар арадиоефир аҿы.
"Аҩнаҭақәа аӡы рыҩноуп уажәыгьы. Ашьаҟақәа ҩажәа аӡы иагеит, аусурақәа цоит афымцалашара ашьақәыргыларазы. Ауаа ӡыла реиқәыршәаразгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит. Аԥсшьаҩцәа имаҷымкәа рмашьынақәа аӡы иагеит. Иԥхасҭахеит. Ақыҭа иалҵыр зҭаххаз, транспортла еиқәыршәаны иҟаҳҵеит. Иҟоуп аҭаацәарақәа аӡы ралгара ахьаҭаххаз. Аӡы аӷьны иандәықәла, аҭаацәа ацхыраааҩцәа адырра рырҭеит. Ҭӡык аҿы адгьыл ҳәазан аҩны агеит, аха аӡәгьы дҭамхаӡеит", - ҳәа иҳәеит Амԥар.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0