Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аибашьра иалахәыз: Амқәаб ԥхынгәымза 1993 шықәсазы Тҟәарчал ахәы ахьчара иазкны

Аибашьра иалахәыз: Амқәаб ԥхынгәымза 1993 шықәсазы Тҟәарчал ахәы ахьчара иазкны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәымза 1993 шықәсазы Мрагыларатәи афронт аибашьцәа имҩаԥыргеит операциа "Икс". Уи иалахәын ахԥатәи аполк актәи абаталион аибашьцәа, агәыԥқәа "Ҷлоу", "Каҭран", "Едельвеис". Қәҿиарала инагӡаз ажәылара иабзоураны аӷацәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәын аҳаракырақәа 251, 302, 1, Агәыбедиа иҟоу аиланхарҭа Ешқыҭ (Мишвели). Мрагыларатәи афронт аибашьцәа астратегиатә ҵакы змаз аҳаракырақәа рнапахьы ианаарга, алшара роуит Гал араион ахәҭак Чхәарҭал ақыҭа инаркны Реканӡа аӷа иҽазышәарақәа зегьы рҿагылара. Урҭ аҳаракырақәа рцәыӡрала ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Тҟәарчал иаакәыршаны иҟаз аиланхарҭақәа икылкааны рылахысра рылымшо иҟалеит, убри алагьы ирцәыӡит акрызҵазкуаз аплацдарм ақалақь рнапахьы аагаразы, уи ашҟа ижәыларазы.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Игор Амқәаб арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит уи ажәылара ду аԥхьа ақырҭцәа Тҟәарчал шыҟаз ижәыларц рышҽазыршәаз, избанзар Тамшьтәи адесант ацхыраара рыҭаразы ишдәықәҵаз рдыруан ақалақь зыхьчоз ҳаибашьцәа реиҳараҩык.
"Тамшь аԥсуа десант андыртәа амза 2 рзы, ақырҭцәа даараӡа агха ду шроуз еилыркааит, аҭак ҟарҵарц рҭаххеит. Амза 4 рзы абри Агәыбедиа аганахьала Тҟәарчалҟа ицарц ргәы иҭан, аҭыԥқәа ааныркыларц ақәылара ҟарҵеит. Усҟан ҳаҷкәынцәа абжеиҳараҩык Тамшьҟа иҟан. Ара иаанхаз аҷкәынцәа ҳмаҷын, бџьарлагьы уиаҟара ҳаиқәшәамызт, аха ианаамҭаз еилаҳкаан ҳарԥылеит. Раԥхьатәи аиҿахысра бзиаӡаны имҩаԥигеит Амиран Ахсалба ҳәа дыҟан ҳбаталион адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩ. Уи даҽа ҷкәынаки ( ихьӡ сгәалашәаӡом) иааныркылеит. Амҩаду аганахьала Амиран дырԥылеит, хыхьынтәи Тҟәарчал ҿыц еиҿыркааз аҷкәынцәа ргәыԥ хәыҷы. Аштаб аҟынтәи километраки бжаки аҟара бжьан, убра аҳаракыраҟны исыртәеит. Аоппозициа хадара зуаз аҟны игылаз Лиониа Аргәын игәыԥ акәын, уа хәымз-фымз раҟара игылан. Аха дара Тамшьҟа ианца арҭ аҷкәынцәа убра инаган. Аштаб ахь сагьнеит, аҷкәынцәагьы сзасит "иҳақәлеит" ҳәа", - игәалаиршәеит Амқәаб.
Иара иазгәеиҭеит усҟан ҳаибашьцәа ргәыԥ хәыҷ аӷа доурыжьызҭгьы астратегиатә ҵак ду змаз аҭыԥ аҟны Тҟәарчал аминаршәгала иалахысыртә аҭагылазаашьа аԥырҵон ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0