Габелаиа еиҭеиҳәеит амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы Очамчыра аус шеиҿкаау
Габелаиа еиҭеиҳәеит амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы Очамчыра аус шеиҿкаау
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҿы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа хыҵны аҩнқәеи амҩадуқәеи ирнылеит. Аԥхасҭа рызнауит араион ақыҭақәак. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы, араион ахадараҿы аус ауеит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аштаб. Уи ауаа адҵаалар рылшоит. Аус ауеит аԥхасҭа ахә зшьо акомиссиа. Иахьазы араион аҿы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
"Ақыҭақәа рҟны ҳнеины аҭагылазаашьа гәаҳҭоит. Иҟоуп адгьыл ахьҳәазаз, аҩнқәа ахьҵысыз, иааугозар, Акәасқьа ақыҭан аҩнқәа ҩба ус еиԥш ааха роуит. Ирацәоуп ақыҭамҩақәа, агәарабжьарамҩақәа ахьаӡәӡәаз, ацҳақәа ахьҿнаӡәӡәааз. Ҳамч зықәхо аусқәа рҟны маҷ-маҷ аиҭашьақәыргылара ҳаҿуп. Нас иҟан амҩақәа ахьакыз, ауаа зымнеиуа иахьыҟаз Ԥақәашь, Ҷлоу, Лашькьындар. Иацгьы амш цәгьан, аха амҩақәа Лашькьындар, Ԥақәашь иааҳартит… Зыҩны аӡы ҩналаз ирылаҳҳәеит афотосахьақәа ҭыхны арзаҳалқәа аларҵарц, урҭ инарықәыршәаны рыҩны иҟоу ҳнеины игәаҳҭарц. Иахьа макьана иаҳдыруа ала ақалақь аҟны 30 рҟынӡа арзаҳалқәа ыҟоуп, нас ақыҭақәа рҟны аӡы зҵалаз ирацәамзаргьы 10 арзаҳал ыҟоуп. Ҳҽеиҩшаны ақыҭақәа ҳрылоуп амшцәгьа ахҟьаԥҟьа ашьақәыргыларазы. Ҳраион аҟны еиҳарак амҩақәеи ацҳақәеи ааха роуит уҳәар алшоит", - иҳәеит Габелаиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудофаил аҟны хыхь.