Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьонуа Кәыдрытәи аҩхаахь амҩа аҭагылазаашьа амшцәгьақәа рышьҭахь: аԥхасҭа ӷәӷәа амоуп

Џьонуа Кәыдрытәи аҩхахь амҩа аҭагылазаашьа амшцәгьақәа рышьҭахь: аԥхасҭа ӷәӷәа амоуп
Анапаҵаҩра
Ажара ақыҭа ахада Сергеи Џьонуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Кәыдрытәи аҩхааҿы аҭагылазаашьа зеиԥашроу амшцәгьақәа рышьҭахь, Аӡӷара зыԥсы зшьо ралгара аус шеиҿкаау.
Кәыдрытәи аҩхаа иалгоу амҩа мчыбжьык ҵуеит амшцәгьақәа ирхырҟьаны ҭыԥқәак рҿы ибгоижьҭеи ҳәа адырра ҟаиҵеит Џьонуа. Аурыс ҳәаахьчаҩцәа амҩа ладеи ҩадеи арыцқьара иаҿуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Амҩа аԥхасҭа ӷәӷәа амоуп. Џьарак ацҳа агеит. Мышкы-ҩымш рыла ҳзалгаӡом, атехникагы усҟак ҳамам, аурыс ҳәаахьчаҩцәа роуп ҳзықәгәыӷуа. Ауааи аҩнқәеи ԥырхага рнамҭеит аӡы. Ажәытә аҩнқәа аӡы ахьнеиуаз идыргылаӡомызт. Ԥсшьара ҳәа уахь ицаз рыхьынтә аара зҭахыз 12-ҩык аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аверталиот иаанагеит. Егьырҭ иасуеит, аҭагылазаашьа шыҟоу еилыркаауеит. Ҩ-гәыԥк Аӡӷара рыԥсы ршьоит. Амҩа ҟарцар, урҭ машьынала илбаар рылшоит, макьана аамҭа ҳамоуп ҳәа рҳәеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьонуа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0