Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сангәлиа аҭоурыхтә баҟақәа рзы: ирызку ажәабжь аиҭаҳәара азхаӡом, рхылаԥшра аҭахуп

Сангәлиа аҭоурыхтә баҟақәа рзы: ирызку ажәабжь аиҭаҳәара азхаӡом, рхылаԥшра аҭахуп
Анапаҵаҩра
Акультуратә баҟақәа рыхьчаразы, урҭ аобиектқәа рсиа ашьақәыргыларазы, ԥхьаҟа аҳәынҭқарратә зинтә политика инақәыршәаны реиқәырхаразы азҵаарқәа ирылацәажәан аԥыза-министр иҟны имҩаԥгаз аиԥылараҿы. Хадаратәла иззааҭгылаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҭоурых -культуратә бааҟақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гарри Сангәлиа.
"Аԥхынра абаҟақәа рахь инеиуа рацәаҩхоит, жәаҳәарада. Абри инамаданы ҳҭакԥхықәра, ҳаҟазаара уа иҵегьы иаҵазшьуа ҳусмҩаԥгатәқәа ирыцлоит. Аҭыԥан иҟоу амчра ишахылаԥшуа, ахылаԥшра ахьыҟам ишыҟаҵатәу, нас аиҿкааратә, аиҭашьақәыргыларатә усқәа иазааҭгылан. Мықә, Агәы-Бедиа иҟоу ауахәамақәа рхыбқәа, џьара ахышәқәа ҟаҵатәуп. Ҳаицәажәаны, ҳаибамыргәаакәа анҵыра змоу ҟаҵатәуп. Ус еиԥш ахышәқәа 64 аҭаххеит ауахәамаҟны. Аԥыза-министр Александр Анқәаб дазыҳаҵҳаҵуеит ари аус, уажәшьҭа акыр инеиуеит ҳәа ҳгәы иаанагоит, нап адыркып. Нас аиҭашьақәыргыларатә усқәа Анаҟәаԥиа ицоит, апроект аекспертиза ҟаҵаны иҳадаҳкылахьеит иагу–иабзоу, иацҵатәу. Аиҭашьақәыргыларазы зыҩаӡара ҳараку аҟазацәа аҭахуп. Даӷьысҭанынтәи иаагаз аҵанамкӡеит, Ингәыштәылантәи иааҳгеит. Урҭ абаақәа рымоуп, аҭыӡқәа, абаашқәа. Аԥышәа рымоуп дара, иҟарҵо ҳашьклаԥшлоит. Абас еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа цоит. Атуристцәа ахьнеиуа (аҭоурыхтә баҟақәа ахьгылоу аҭыԥқәа- аред.) иахылаԥшуа ауаагьы аҭахуп. Ажәабжь аиҭаҳәара мацара азхаӡом. Урҭ рҭаара иаҭныҵуа аԥара абаҟақәагьы ироуроуп. Ҳтәыла иашьагәҭоу дарбанзаалакгьы ихәҭоуп аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхара", - иҳәеит Сангәлиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0