Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

200 тонна инареиҳаны акарпыжәи ашьынкеи ирзыԥшуп Гәылрыԥшь араион аҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукЖитель села Лыхны - Константин Джугелия
Житель села Лыхны - Константин Джугелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2023
Анапаҵаҩра
Ареспубликаҿ акарпыжәи ашьынкеи рхыхра иалагараны иҟоуп нанҳәа алагамҭазы.
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. 200 тонна инареиҳаны акарпыжәи ашьынкеи ҳазԥшуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Рафик Григориан.
"Макьаназы аҽаҩра ҭаагалом, избанзар ишахәҭоу имшәӡац. Ари аҭыԥ змаз ахьҭақәа ирыдҳәалоуп. Дара аиҳарак аԥхарра аамҭа бзиа ирбоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥхын аӡысаамҭа иахҟьаны сынтәа арҭ акультурақәа рчымазара иазҳаит ҳәа иҳәоит Григориан.
"Ааԥынреи аԥхынреи ианыхьшәашәоу, ианӡысаамҭоу ачымазарақәа рыҽцәырыргоит. Уаанӡа аиҳарак ԥырхагас иҟаз амармалташь пты акәзҭгьы, сынтәа акәыкәбаачымазарақәа еиҳа иалаҵәеит. Ари ацәаакыра иахҟьоит", - иҳәеит иара.
Амшцәгьақәеи дара ихьшәаны рышәреи акарпыжәи ашьынкеи ргьама иаԥырхагамхароуп ҳәа азгәеиҭеит аҟазауаҩ.
"Ишысбарҭоу ала аҽаҩра маҷк ихьшәаны иҟалоит, аха ахаҭабзиара шьахәуп. Аҭыԥантәи аҽаҩра аҭирҭақәа рахь икылыргоит нанҳәа алагамҭазы", - ҳәа азгәеиҭеит Григориан.
Ареспубликаҿ акарпыжәи ашьынкеи рхыхра иалагараны иҟоуп нанҳәа алагамҭазы.
Вспашка земель в селе Багмаран - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2023
Аԥсны
Сынтәа Гәылрыԥшь араион аҟны 800 гектар адгьыл рцәаӷәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0