Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аинклиузивтә ҵара ауадаҩрақәа ртәы ирылацәажәоит Sputnik аҟны

© Sputnik / Марианна Кубрава Пресс-центр спутник Абхазия
Пресс-центр спутник Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2023
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 20 асааҭ 11:00 рзы Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы имҩаԥгахоит "Ҳаамҭазтәи аинклиузивтә ҵара ауадаҩрақәеи аҭахрақәеи" атемала астол гьыжь.
2023 шықәса лаҵарамзазы ихацыркхеит апроект "Ҳәаа змам аҟазара". Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны афонд "Ашана" аусзуҩцәа хыԥхьаӡара рацәала згәабзиара ԥку 18 шықәса зхымҵыци ирҭысхьоуи ауаа ирыниеит. Урҭ реиҳараҩык аҵаратә система иалахәӡам, аҩра аԥхьара рыздырам.
Ихадоу уадаҩран иҟоуп, иҷыдоу ашколқәраҟынӡатәии ашколтәии усбарҭақәа рыҟамзаара, абри атәы иалацәажәоит астол гьежь алахәылацәа.
Алахәылацәа:
Мактина Џьынџьалԥҳа – Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ, афонд "Ашана" адиректор;
Наур Нарманиа – Аԥсны Жәлар реизара адепутат;
Анна Савилова – апроект "Ҳәаа змам аҟазара" автор;
Ада Кәарҷелиаԥҳа – Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ;
Алхас Тхагушев –ассоциациа "Инва-Содействие" ахантәаҩы.
Ажәабжьқәа зегьы
0