Урыстәыла

Путин 2025 шықәса нҵәаанӡа адәныҟатә хәаахәҭразы ауснагӡатә ҷыдақәа рыҿҳәара днахеит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание о ходе проведения весенних полевых работ
Президент РФ В. Путин провел совещание о ходе проведения весенних полевых работ - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2023
Анапаҵаҩра
Аусԥҟа амчра уаанӡагьы аҿҳәара иацырҵахьан 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа, уажәы иара аҿҳәара даҽа ҩышықәса инахеит – 2025 шықәса нҵәаанӡа.
АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин 2025 шықәса нҵәаанӡа рыҿҳәара днахеит Урыстәыла адәныҟатә хәаахәҭразы ауснагӡатә ҷыдақәа - аалыҵи аӡеи атәыла ралагалареи ралгареи рганахьала, адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә портал аҿы.
Хәажәкыра 8, 2022 шықәсазтәи аусԥҟа №100 "Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара аиҿкаара хықәкыс иҟаҵаны адәныҟаекономикатә усура аусхк аҟны аекономикатә уснагӡатә ҷыдақәа рхархәаразы" инақәыршәаны иалагалан хаз игоу аалыҵқәаки аӡақәаки рыхкқәа рзы аԥкырақәа, уи иҩызам атәылақәа рхымҩаԥгашьа иаҭакны иҟалеит.
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит тауарқәаки аӡақәаки рекспорти римпорти абаџьқәа рышьҭыхра.
Урыстәыла аиҳабыра 2022 шықәса хәажәкырамзазы аекспорт тауарқәеи амаругақәеи рсиа еиқәнаршәеит, дара аҳәаа рахыгара азин аамҭала иаанкылоуп. Арахь иаҵанакуеит: атехнологиатәи, ателекоммуникациатәи, амедицинатә маругақәеи, атранспорттә хархәагақәеи, ақыҭанхамҩатә техникеи, афымцатә аппаратуреи. Убри аан иазгәаҭан Евразиатәи аекономикатә хеилак иалахәу атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь атауар аҳәаа ахыгаразы азин ыҟоуп ҳәа. Ари аҭаххеит урыстәылатәи аџьармыкьа аҭышәныртәалара аԥҵаразы ҳәа азгәарҭеит аиҳабыра рҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0