Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амилаҭ рныҳәа: Аԥсны Абираҟ амш шазгәарҭаз

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭеит амҽыша, ԥхынгәы 23 рзы.
Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟи агерби шьақәдырӷәӷәеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараан ԥхынгәы 23 1992 шықәса рзы асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа иескизқәа рыла.
Аҟәа ари аныҳәа аҳаҭыр азы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркааит.
Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Аԥсуа драмтеатр аҟынтәи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭанӡа аҽыуаа мҩасит. 1200 шықәса реиҳа зхыҵуа Аԥсны аҭоурых аазырԥшуа аԥсуа бираҟқәа 16 кны аҽқәа ирықәтәан ииасит аҽыбӷаҟазара-спорттә школ "Леон" ааӡамҭацәа, аспортсменцәа, акәашацәа, активистцәа.
Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит агәырӷьаратә концерт, уа иқәгылеит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль ахор, акәашаратә ансамбльқәа "Кавказ", "Абаза", адауласцәа рансамбль "Адаул", аҭыԥҳацәа рфольклортә ансамбль "Гәында".
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭоит ԥхынгәы 23 рзы.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭоит ԥхынгәы 23 рзы. - Sputnik Аҧсны
1/8

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭоит ԥхынгәы 23 рзы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Уажәшьҭа итрадициахеит Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы ари аныҳәа аҳаҭыр азы аҽыуаа рымҩасра.

Уажәшьҭа итрадициахеит Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы ари аныҳәа аҳаҭыр азы аҽыуаа рымҩасра.  - Sputnik Аҧсны
2/8

Уажәшьҭа итрадициахеит Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы ари аныҳәа аҳаҭыр азы аҽыуаа рымҩасра.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Дара Багаԥшь ихьӡ зху ашҭахь икны инеит Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ашьақәгылара аазырԥшуаз еиуеиԥшым аҭоурыхқәа ирдыргаз абираҟқәа.

Дара Багаԥшь ихьӡ зху ашҭахь икны инеит Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ашьақәгылара аазырԥшуаз еиуеиԥшым аҭоурыхқәа ирдыргаз абираҟқәа.  - Sputnik Аҧсны
3/8

Дара Багаԥшь ихьӡ зху ашҭахь икны инеит Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ашьақәгылара аазырԥшуаз еиуеиԥшым аҭоурыхқәа ирдыргаз абираҟқәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны асасцәеи аԥшәмацәеи рзы имҩаԥган агәырӷьаратә концерт.

Аԥсны асасцәеи аԥшәмацәеи рзы имҩаԥган агәырӷьаратә концерт. - Sputnik Аҧсны
4/8

Аԥсны асасцәеи аԥшәмацәеи рзы имҩаԥган агәырӷьаратә концерт.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль ахор инанагӡеит афольклортә композициақәа.

Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль ахор инанагӡеит афольклортә композициақәа. - Sputnik Аҧсны
5/8

Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль ахор инанагӡеит афольклортә композициақәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Амилаҭтә кәашарақәа нарыгӡеит Аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ".

Амилаҭтә кәашарақәа нарыгӡеит Аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ". - Sputnik Аҧсны
6/8

Амилаҭтә кәашарақәа нарыгӡеит Аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ".

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭоит 2005 шықәса раахыс.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭоит 2005 шықәса раахыс. - Sputnik Аҧсны
7/8

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭоит 2005 шықәса раахыс.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥшаҳәаҿы еиҿкааз аконцерт ахь инеит шәҩыла ахәаԥшцәа.

Аԥшаҳәаҿы еиҿкааз аконцерт ахь инеит шәҩыла ахәаԥшцәа.  - Sputnik Аҧсны
8/8

Аԥшаҳәаҿы еиҿкааз аконцерт ахь инеит шәҩыла ахәаԥшцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0