Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арсалиаԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәатәи авангард иазку ацәыргақәҵаҿы иӡыргахо атәы

Арсалиаԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәатәи авангард иазку ацәыргақәҵаҿы иӡыргахо атәы
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа "Аҟәатәи авангард 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы" аартхоит ԥхынгәы 25 асааҭ 17 рзы. Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы, ацәыргақәҵа аҳәаақәҵаҩ Ельвира Арсалиаԥҳа еиҭалҳәеит иара зымҽхак ҭбаау апроект ишаҵанакуа, аҭааҩцәа ирбарц зылшо аусумҭақәа ртәы.
"Ари ацәыргақәҵа зымҽхак ҭбаау апроект "Акультурақәа реихысырҭа, акультурақәа рдиалог" ҳәа иҟоу ахәҭак ауп. Аҟәатәи авангард иазку ацәыргақәҵеи, афильми, алекциеи аадыртуеит 80-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны иҟаз асахьаҭыхыҩцәа рҟазара иадҳәалоу ахҭысқәа, ацәыргақәҵақәа, мамзаргьы иаҳзымдыруа даҽакы. Аҭоурыхҭҵаара аганахьала ҳахәаԥшуазар 50-60-70-тәи ашықәсқәа рзы иҟоуп аинформациа, аха аибашьра аԥхьа (1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра - азгәаҭа) 10-15 шықәса шыбжьаз ирацәоуп аҭыԥ змаз ахҭысқәа, аҽаԥсахит аԥсҭазаара. Аҟазараҿгьы ицәырҵит алагала ҿыцқәа. Насгьы иҟан асахьаҭыхыҩцәа ргәыԥ, иаҳҳәап, ажанрқәа, астильқәа иаҳа ирызхьаԥшуаз. Ҭоурыхла уахәаԥшуазар уиижьҭеи имаҷны иҵит, аха Баҭал Кобахьиеи сареи ари апроект ҳнапы анаҳаркы ҳгәы иаанагеит иахьа ари ҭҵаамҵзар, нас иалмаршахар ҟалоит", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны идырбахо адокументалтә фильм аҟны еиҭаҳәахоит 70-80--тәи ашықәсқәа рзтәи асахьаҭыхҩцәа рҭоурыхқәа, иара убас ацәыргақәҵатә зал иаҭаауа, уи аамҭахҵәа иазкны нанҳәа 2 рзы алекциа дырзаԥхьоит асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа.
Ицәыргақәҵахоит ахатәы коллекциақәа рҟынтәи аусумҭақәа. Аекспозициа шьақәгылоуп Адгәыр Ӡиӡариа, Виссарион Ҵәыџьба, Александр Семенцов, Евгени Котлиаров, Сергеи Сангалов, Алексеи Шервашиӡе, Ахра Аџьынџьал, Александр Боиаџьан, Валери Арқаниа, Леварса Быҭәба русумҭақәа рыла.
Ельивра Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит Аҟәатәи авангард иаҵанакуа асахьаҭыхыҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳауп, аха уажәтәи ацәыргақәҵа 10-ҩык русумҭақәа рыла еиҿкаауп.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0