https://sputnik-abkhazia.info/20230727/aa-aala-abiuet-shysybzhak-anyala-24-iatsny-inagoup-1047155902.html
Аҟәа ақалақь абиуџьет шықәсыбжак аҩнуҵҟала 24% иацны инагӡоуп
Аҟәа ақалақь абиуџьет шықәсыбжак аҩнуҵҟала 24% иацны инагӡоуп
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь ахадара аусзуҩцәа дырԥылеит. 27.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-27T13:30+0300
2023-07-27T13:30+0300
2023-07-27T13:40+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
аекономика
аҟәа
беслан ешба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/1b/1047149296_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_1ad6f3f2aef82b7711967db01443ddd3.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба 2023 ашықәсабжазы ахашәалақәеи ахарџьқәеи дрылацәажәеит. Урыстәылантәи асоциалтә блок азы иаашьҭын 92 миллион мааҭ. Ахада ирезервтә фонд аҟынтә ақалақь иазоужьын 18 миллиони 280 нызқь мааҭ. Арҭ аԥарақәа аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа рырҽеира ирзырхахеит. Аҟәа ақалақь абиуџьет ахашәалатә хәҭа шықәсыбжак аҩнуҵҟала 124% иацны инагӡоуп. Планла иарбаз 579 миллиони 855 мааҭ рцынхәрас иаланагалеит 718 миллиони 219 нызқь мааҭ. Аҟәа ақалақь абиуџьет аныхратә хәҭа шықәсыбжак аҩнуҵҟала 82,3% иҟан, планла - 947 миллион мааҭ, иныхын 779 миллион мааҭ.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/1b/1047149296_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_f29d1af841ae4fb839600486f61c55dc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, аекономика, аҟәа, беслан ешба
аԥсны, ажәабжьқәа, аекономика, аҟәа, беслан ешба
Аҟәа ақалақь абиуџьет шықәсыбжак аҩнуҵҟала 24% иацны инагӡоуп
13:30 27.07.2023 (ирҿыцуп: 13:40 27.07.2023) Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь ахадара аусзуҩцәа дырԥылеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба 2023 ашықәсабжазы ахашәалақәеи ахарџьқәеи дрылацәажәеит.
"2023 шықәсазтәи аҳҭнықалақь абиуџьет миллиардки 428 миллиони 400 нызқь мааҭ ҳәа ишьақәыргылан. Уи адагьы 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 азтәи арбагала ацәынха ҳзынханы иҟан - 183 миллион мааҭ. Ақалақьтә еизара адепутатцәа рыдгыларала абиуџьет еиҭахәаԥшын: ахашәалақәа - миллиардки 580 миллион мааҭ, ахарџьқәа - миллиардки 763 миллиони 320 нызқь мааҭ", - иҳәеит Ешба.
Урыстәылантәи асоциалтә блок азы иаашьҭын 92 миллион мааҭ.
Ахада ирезервтә фонд аҟынтә ақалақь иазоужьын 18 миллиони 280 нызқь мааҭ. Арҭ аԥарақәа аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа рырҽеира ирзырхахеит.
Аҟәа ақалақь абиуџьет ахашәалатә хәҭа шықәсыбжак аҩнуҵҟала 124% иацны инагӡоуп. Планла иарбаз 579 миллиони 855 мааҭ рцынхәрас иаланагалеит 718 миллиони 219 нызқь мааҭ.
Аҟәа ақалақь абиуџьет аныхратә хәҭа шықәсыбжак аҩнуҵҟала 82,3% иҟан, планла - 947 миллион мааҭ, иныхын 779 миллион мааҭ.