https://sputnik-abkhazia.info/20230727/asha-eialeit-ochamchyra-araion-ay-amshtsga-ianaaz-akhasa-shyrykhao-aty--1047127392.html
Ашәԥҳа еиҭалҳәеит Очамчыра араион аҿы амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа шырыԥхьаӡо атәы
Ашәԥҳа еиҭалҳәеит Очамчыра араион аҿы амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа шырыԥхьаӡо атәы
Sputnik Аҧсны
Очамчыра араион аҿы ԥхынгәы 9 инаркны 11-нӡа илеиуаз ақәаршҩы ақыҭақәа рҿы анхацәеи ақалақь ауааԥсыреи аԥхасҭа рнаҭеит. Араион ахадараҿ иаԥҵаз акомиссиа ауаа... 27.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-27T10:10+0300
2023-07-27T10:10+0300
2023-07-27T10:10+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/1a/1047127228_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_937c1f287ea8061357ea47235951a5fd.jpg
Ашәԥҳа Очамчыра араион аҿы амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭазы: ауаа ацхыраара рмоур ада ԥсыхәа ыҟам
Sputnik Аҧсны
Ашәԥҳа Очамчыра араион аҿы амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭазы: ауаа ацхыраара рмоур ада ԥсыхәа ыҟам
Очамчыра араион аҿы ԥхынгәы 9 инаркны 11-нӡа илеиуаз ақәаршҩы ақыҭақәа рҿы анхацәеи ақалақь ауааԥсыреи аԥхасҭа рнаҭеит. Араион ахадараҿ иаԥҵаз акомиссиа ауаа ирымоу азарал аилкааразы аусурақәа мҩаԥнагоит лҳәеит арадио Sputnik аҟны Очамчыра араион ахадара анхамҩа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы Асҭанда Ашәԥҳа."Акомиссиа алахәылацәа арзаҳалқәа инарықәыршәаны доусы рыҩнаҭақәа рҿы инеины лабҿаба игәарҭоит аӡхыҵра иҟанаҵаз аԥхасҭа. Очамчыра ақалақь аҟынтә 110 рзаҳал ааргахьеит. Ақыҭақәа рҟнытә иҳамоуп 15 рзаҳал, аха аԥхасҭа зоуз зегьы ирымҩыцт. Ақыҭа Баслахә ааха ӷәӷәа аиуит, уаантә 10-ҩык арзаҳал алырҵахьеит", - еиҭалҳәеит Ашәԥҳа.Очамчыра ақалақь ауааԥсыра рахьынтә иҟоуп изныкымкәа-ҩынтәымкәа аӡы зҵалахьоу. Арзаҳалқәа уи аԥхьагьы ирыҩхьан, ацхыраара роухьан. Уажәы еиҭа ҿыц ҳанырбо иԥхаршьоит, аха ацхыраара рмоур адагьы ԥсыхәа ыҟам ҳәа азгәалҭеит араион акоммуналтә усбарҭа аиҳабы.Асҭанда Ашәԥҳа далацәажәеит ақалақь аӡышьҭрақәа рганахьала иҟоуп ауадаҩрақәа ртәы. Аусқәа рацәоуп, аха ҳалшарақәа маҷуп ҳәа инаҵылшьит лара.Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/1a/1047127228_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_a336bb6cf59aa8858afb502b87ab1503.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Очамчыра араион аҿы ԥхынгәы 9 инаркны 11-нӡа илеиуаз ақәаршҩы ақыҭақәа рҿы анхацәеи ақалақь ауааԥсыреи аԥхасҭа рнаҭеит. Араион ахадараҿ иаԥҵаз акомиссиа ауаа ирымоу азарал аилкааразы аусурақәа мҩаԥнагоит лҳәеит арадио Sputnik аҟны Очамчыра араион ахадара анхамҩа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы Асҭанда Ашәԥҳа.
"Акомиссиа алахәылацәа арзаҳалқәа инарықәыршәаны доусы рыҩнаҭақәа рҿы инеины лабҿаба игәарҭоит аӡхыҵра иҟанаҵаз аԥхасҭа. Очамчыра ақалақь аҟынтә 110 рзаҳал ааргахьеит. Ақыҭақәа рҟнытә иҳамоуп 15 рзаҳал, аха аԥхасҭа зоуз зегьы ирымҩыцт. Ақыҭа Баслахә ааха ӷәӷәа аиуит, уаантә 10-ҩык арзаҳал алырҵахьеит", - еиҭалҳәеит Ашәԥҳа.
Очамчыра ақалақь ауааԥсыра рахьынтә иҟоуп изныкымкәа-ҩынтәымкәа аӡы зҵалахьоу. Арзаҳалқәа уи аԥхьагьы ирыҩхьан, ацхыраара роухьан. Уажәы еиҭа ҿыц ҳанырбо иԥхаршьоит, аха ацхыраара рмоур адагьы ԥсыхәа ыҟам ҳәа азгәалҭеит араион акоммуналтә усбарҭа аиҳабы.
Асҭанда Ашәԥҳа далацәажәеит ақалақь аӡышьҭрақәа рганахьала иҟоуп ауадаҩрақәа ртәы. Аусқәа рацәоуп, аха ҳалшарақәа маҷуп ҳәа инаҵылшьит лара.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.