Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҳаразиа ҳџьынџьуаа нхарала реиқәыршәара иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҳаразиа ҳџьынџьуаа нхарала реиқәыршәара иазкны
Анапаҵаҩра
Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иаауа ҳџьынџьуаа нхарҭала реиқәыршәаразы инарыгӡо аус, ари ахырхарҭала ицәырҵуа азҵаарақәа, анхарҭатә фонд аҭагылазаашьеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
Аҳәынҭқарра анхарҭатә фонд аҟынтәи аиҳабыра реилазаара иҟанаҵаз ақәҵарала ҩыџьа ҳтәылауаа анхарҭа ахә ашәаразы альготақәа рзаԥҵоуп. Ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршаны, анхарҭақәа хәыда-ԥсада ирзоужьхоит атәылауаа Ранета Биџевеи, Таифун Кәаӡбеи.
"2021 шықәсазы Аминистрцәа реилазаараҟны ҳара ицәыраҳгеит азҵаара 1992-1993 шықәсқәа раан аибашьраҟны иааны агәымшәара, афырхаҵара аазырԥшыз ҳџьынџьуаа, ара инхо хәыда-ԥсада ироурц азы иахьынхо аҭыԥқәа. Аҳәынҭқарра ахаҵгылара ҟарҵеит. Казбек Биџев 2022 шықәазы хатәгәаԥхарала Луганск дцеит, уа дҭахеит. Иҷкәыни иԥшәмеи Маҷара аҳаблаҿы инхоит. Аҳәара ҟаҳҵеит ҩ-ҿык змоу ауада аҭаацәа ироурц. Ара еибашьыз Иауз Кәаӡба иан лыхьӡала иҟан ауада. 2021 шықәсазы ақәҵа ыҟан аҭаацәа хәыда-ԥсада анхара рыҭара, аха иан лыдунеи лыԥсахит, ашәҟәқәа анотариалла рыԥсахра иахьымӡеит. Уи аминистрцәа еилкааны ахаҵгылара ҟарҵеит", - иҳәеит Ҳаразиа.
Иара еиҭеиҳәеит иахьазы зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иаауа ҳџьынуаа анхарҭала реиқәыршәаразы лшарас иҟоу атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0