Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахаҭарнакцәа дырԥылеит

© Foto / официальный сайт Президента РАПрезидент Абхазии Аслан Бжания принял представителей Федерации Абхазских культурных центров в Турции
Президент Абхазии Аслан Бжания принял представителей Федерации Абхазских культурных центров в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2023
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аԥҵан 2010 шықәсазы.
АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аиԥылараҟны иазааҭгылан аекономика аҿиаразы иактуалтәу азҵаарақәа, аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика.
Аҳаирбаӷәаза аартреи апартаментқәа рыргылареи азҵаарақәа ирылацәажәеит. Атәыла ахада зус адулара иаҿу апроектқәа хәҭа-хәҭала дырзааҭгылеит.
"Адиаспора ахаҭарнакцәа Атәыла ахада иарҳәеит зынагӡара иаҿу апроектқәа аԥсуа диаспора агәҭынчымра шрызцәырнаго атәы",- аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа аҳәамҭа ҟаиҵеит, атәыла ахада имҩаԥиго аполитика дшадгыло азы ателехәаԥшрала дықәгыларц шилшо.
Махариа иазгәеиҭеит, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рџьынџь ԥсадгьыл аҟны аҭынчра шырҭахәу.
Бжьаниа иажәақәа рыла, апартаментқәа рзы азакәан апроект адепутатцәеи иареи алацәажәара дазыхиоуп, дара иахәҭоу аԥсахрақәа аларгаларц шрылшо атәы иҳәеит.
Аиԥылара иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора Абыргцәа рхеилак аиҳабацәа Емиҭ Аҭеибеи Умиҭ Ашәбеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0