https://sputnik-abkhazia.info/20230729/kionigsberg-aman-iakhaz-asovett-yry-isyba-asnya-iaargeit-1047195879.html
Кионигсберг амҵан иҭахаз асоветтә ԥырҩы иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит
Кионигсберг амҵан иҭахаз асоветтә ԥырҩы иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит
Sputnik Аҧсны
Сумбат Кочкониан Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан иҭархаз аҳаирплан ИЛ-2 аекипаж далан. 29.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-29T10:10+0300
2023-07-29T10:10+0300
2023-07-29T10:10+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/1c/1047183957_0:41:890:542_1920x0_80_0_0_3cce13e1e53bdb5ada9636a94fd7df60.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik. Ажьырныҳәа 29 1945 шықәсазы Кионигсберг амҵан иҭахаз асоветтә ԥырҩы Сумбат Кочкониан иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит.Кочкониан афронт ахь дцеит Гагра араион Багьрыԥсҭа ақыҭантә. Иара аиааира агара уамак шагмыз хабарда дыбжьаӡуеит.Аибашьҩы иԥсыбаҩ ԥшаан аԥшааратә гәыԥ "Анамыс" ("Совесть") абзоурала."Акьыԥхьымҭа ақәҿырҭит Гьаргь Кочкониани Артур Хачатуриани, дара Сумбат иқыҭауаа игәылацәа роуп. Урҭ рыцхыраарала дыԥшаан Шәача инхо Сумбат ихьӡ зыхьӡырҵаз иашьа иԥа Сумбат Кочкониан", - абри атәы апортал "Новый Калининград" иазеиҭеиҳәеит аԥшааратә гәыԥ анапхгаҩы Руслан Хисамов.Кочкониан иԥсыбаҩ анышә иамардеит Аԥсны иҟоу Аерман уаԥшь ацхыраарала. Анышә дарҭеит иани иаби рааигәара.Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аԥснынтәи афронт ахь ицеит 55 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, урҭ рҟынтә 15 500-ҩык милаҭла иаԥсыуаан..
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/1c/1047183957_57:0:833:582_1920x0_80_0_0_7ae81f802b0fc503a958c2155accaa8e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Кионигсберг амҵан иҭахаз асоветтә ԥырҩы иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит
Сумбат Кочкониан Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан иҭархаз аҳаирплан ИЛ-2 аекипаж далан.
АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik. Ажьырныҳәа 29 1945 шықәсазы Кионигсберг амҵан иҭахаз асоветтә ԥырҩы Сумбат Кочкониан иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит.
Кочкониан афронт ахь дцеит Гагра араион Багьрыԥсҭа ақыҭантә. Иара аиааира агара уамак шагмыз хабарда дыбжьаӡуеит.
Кочкониан зекипаж далаз аҳаирплан ИЛ-2 аӷацәа ртәарҭа иақәҳаит. Аԥрыҩцәа Сумбат Кочкониани Пиотр Неумоини хабарда ибжьаӡны иҟан ҳәа ишьан.
Аибашьҩы иԥсыбаҩ ԥшаан аԥшааратә гәыԥ "Анамыс" ("Совесть") абзоурала.
"Акьыԥхьымҭа ақәҿырҭит Гьаргь Кочкониани Артур Хачатуриани, дара Сумбат иқыҭауаа игәылацәа роуп. Урҭ рыцхыраарала дыԥшаан Шәача инхо Сумбат ихьӡ зыхьӡырҵаз иашьа иԥа Сумбат Кочкониан", - абри атәы апортал "Новый Калининград" иазеиҭеиҳәеит аԥшааратә гәыԥ анапхгаҩы Руслан Хисамов.
Кочкониан иԥсыбаҩ анышә иамардеит Аԥсны иҟоу Аерман уаԥшь ацхыраарала. Анышә дарҭеит иани иаби рааигәара.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аԥснынтәи афронт ахь ицеит 55 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, урҭ рҟынтә 15 500-ҩык милаҭла иаԥсыуаан..