Амқьаҳԥҵәара – хаҵеи ԥҳәыси реибагаразы аршаҳаҭга

© Sputnik / Юрий Сомов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазская АССР. Советский легкоатлет, олимпийский чемпион в тройном прыжке Виктор Данилович Санеев с супругой Татьяной после церемонии бракосочетания.
Абхазская АССР. Советский легкоатлет, олимпийский чемпион в тройном прыжке Виктор Данилович Санеев с супругой Татьяной после церемонии бракосочетания. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2023
Анапаҵаҩра
Амҳара аргылара ажәытәра иацәынхаз акы шакәугьы, уи ашьаҭақәа зынӡаск имыӡӡац. Амҳара иадукылар ауеит, ҳаамҭазы, аҭаца данаарго хазы илзалырхуа ауада. Амҳара аҩнуҵаҟа имҩаԥыргоз аҵасқәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аусзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсуаа рҭаацәаратә ҭагылазаашьа, аԥҳәысаагара, хаҵацара ирызкны адыррақәа акыр шәышықәсақәа иргәылсны ҳара ҳҟынӡа иааӡеит. Прокопи Кесариатәи, Арканџьело Ламбери инадыркны ранҵамҭақәа рҿы иазгәарҭон аҭаацәара аԥҵара зны аматрилокалтә ҟазшьа аманы ишыҟаз, нас апатрилокалтә. Уи убоит еиднагалоз ахьыҩналоз ҳәа идыргылоз амҳара аеволиуциа ала.
Еиднагалаз ахьыҩнардо
Аԥсуаа рҿы ԥҳәысаагара згәы иҭаз, ма хаҵа ицаша дахьыҟаз аҩнаҭаҿы амҳара рыздыргылон. Амҳара аҩнду ашьҭахь иҟарҵон, уи быцала иршышуан, иршьыхуан. Азганк ацәарҭаӷәы аман, егьи аган аҿы атәарҭа ҟарҵон. Ахыб ылганы ирқәацәны ишьҭырхуан, убриаҟнытә "амҳарақәацә" ҳәа азырҳәон. Аамҭаказы ас еиԥш амҳарақәацә хаҵа ицаша аԥҳәызба дахьыҟазгьы идыргылон, аха нас ишнеи-шнеиуаз уи иаҟәыҵит.
Амҳара аҟны ауп аҭаца раԥхьаӡакәны дахьнаргоз. Ҿыц еиднагалаз ркәымра-хәыҷ акәын азуҳәар ауеит иара. Урҭ атәымуаа рылаԥш иацәыхьчан, аҿар раамҷыдарахаз, зықәра ыҟаз уахь шамахамзар иҩналомызт.
Отдел этнографии абхазского государственного музея - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2018
Амҳаразы ҩ-гәаанагарак
Амҳара аргылара ажәытәра иацәынхаз акы шакәугьы, уи ашьаҭақәа зынӡаск имыӡӡац. Амҳара иадукылар ауеит, ҳаамҭазы, аҭаца данаарго хазы илзалырхуа ауада (мамзаргьы уажәы уи аԥсшьарҭа ҩны дыҩнарҵоит аҩнду ахь дыргаанӡа). Ажәытә амҳараҿы инеиуаз аҿар шракәыз еиԥш, уажә уи зыԥсахыз ҷыдалатәи ауада ахьыҟоугьы еиднагалаз рахь инеиуа аҿар роуп. Урҭ уаҟа лафҳәарыла, хәмаррыла аамҭа мҩаԥыргоит.
Аԥсуаа Асовет мчра шьақәгылаанӡа хаҵеи ԥҳәыси шеибагаз ала ашәҟәы рыҽҭаргаломызт. Иахьагьы иҟоуп акыр шықәса еицынхо, аха аршаҳаҭга змам. Ршаҳаҭгас иҟаз ауаа ракәын: ахаҵаҩыза, аҭацаҩыза. Аҭаца шамаха ҩызцәас илыцырҵон лыиашьара еиуаз ҩыџьа аҷкәынцәа (лаб иашьа иҷкәын, ма ланшьа иҷкәын). Абжьыуаа рҿы урҭ амаҟарацәа ҳәа рзырҳәоит. Амаҳә иакәзаргьы убасҵәҟьа изааигәаз аҩызцәа шьҭихуан. Аҭаца амҳараҿы даныҩнардалак акәын уи ахаҵа диԥҳәысхеит ҳәа аныԥхьаӡаз, даҽакала иаҳҳәозар, аҷкәын иҩны лшьапы аныҩналыргыла нахыс диԥҳәысуп ҳәа иԥхьаӡоуп, лыхьӡгьы лыхьымӡӷгьы иара идуп. Аҭаца лҩызцәеи аҷкәын иҩызцәеи ачара ауха амҳараҿы еизон, имҩаԥыргон атеатри адрамеи релементқәа змаз "ахәмарра" - "амқьаҳԥҵәара".
Обручальные кольца  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2021
Аԥсны
"Ашьана еимырдеит": аҭацаагара ақьабзқәа рахьтә
Амқьаҳԥҵәара
Амқьаҳ – ари ахәаџьа ишьақәиргылоз шәҟәын, ахаҵеи аԥҳәыси шеибагаз зыршаҳаҭуаз. Аҭаца лгани аҷкәын игани наҟ-ааҟ асамырҟәыл еибырҳәон, "абжьахәҳаахәҭра" аформа ала, уи "амқьаҳԥҵәара" ҳәа иашьҭан.
"Ачара адырҩауха амҳараҿы аҿар еизон. Аҷкәынгьы (амаҳә) дааиуан, дызцәыԥхашьо аиҳабцәа анцалак. Аҭацагьы уа дыҟоуп уеизгьы. Амқьаҳԥҵәара ҟарҵон. Аӡӷаб лахьтә аӡәы далырхуан, ҩызас длырҭон. Амқьаҳ-мақьыла ҳәа ихьӡын уи. Иара аҷкәын иҩызас аӡәы дықәгылон. Иҟазгьы зегьы ҩыџьара рҽеиҩыршон. Аҭаца лҩыза аҭитә иман, аҷкәын ишҟа игылоу иааихәон. Аилахәҳахәҭра иалагон", - ҳәа амқьаҳԥҵәара авариантқәак ааигоит Сергеи Зыхәба ифольклортә материалқәа рҿы.
Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь иалагеит аршаҳаҭгатә шәҟәқәа рыҟаҵара, аха иара убригьы ҟазымҵоз рацәаҩын. Мамзаргьы ашәҟәы рыҽҭаргалоит акыраамҭа аныбжьыслак ашьҭахь. Ҳаамҭазы, шамахамзар, аҷкәын ԥҳәыс данааиго аҽны ашәҟәы рыҽҭаргалоит, мамзаргьы ачара аныруа аҽны.
Нугзар Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2018
Логәуа: ажәытәан избахьаз аҭацаагара иадҳәалоу ақьабзқәа уамакала иԥшӡан
Аԥсуаа рҭаацәара аԥҵашьа аформақәа урыхәаԥшуазар, иахьа аргама хаҵацара иаҳа ирацәахеит. Уаанӡеиԥш аҭаца џьара дганы ддыртәом (ачара руаанӡа ирзааигәаз рыуацәа рҿы ишдыртәоз еиԥш). Ҩынтә-хынтә ахарџь аҽалаҵара аасҭа, зныкла ачара ду, ма акомпаниа уны аҩныҟа днаргоит. Аҭаца лаагара, амаҳә ихымҩаԥгашьа, аилаҳәашьа, ачараура уҳәа рҿы зҽызыԥсахыз шмаҷымгьы, иахьагьы аршаҳаҭга шәҟәы аасҭагьы ихадараны иаанхоит аԥсуаа рыҩнуҵҟатәи еизыҟазаашьақәа, иҳәоу ажәа ахымԥара.
Ажәабжьқәа зегьы
0