https://sputnik-abkhazia.info/20230730/azlatsazhasha-amoup-gynba-gal-imagakho-ayankhamat-armykei-akontserti-rty-1047136109.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба Гал имҩаԥгахо ақыҭанхамҩатә џьармыкьеи аконцерти ртәы
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба Гал имҩаԥгахо ақыҭанхамҩатә џьармыкьеи аконцерти ртәы
Sputnik Аҧсны
Гал ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭиразы еиҿкаахо ауснагӡатә Аԥсны акультура аминистрра дгыларас ианаҭо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аминистрра иатәу... 30.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-30T19:20+0300
2023-07-30T19:20+0300
2023-07-30T19:20+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/1a/1047136207_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_e95f6629461206e5116a6f3a2b11ba5b.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба Гал имҩаԥгахо ақыҭанхамҩатә џьармыкьеи аконцерти ртәы
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба Гал имҩаԥгахо ақыҭанхамҩатә џьармыкьеи аконцерти ртәы
Нанҳәа 5 рзы Гал имҩаԥысраны иҟоуп арлахҿыхратә программа зцу ақыҭанхамҩатә џьармыкьа. Уи еицеиҿыркаауеит Аԥсны акультура аминистрреи Гал араион анапхгареи."Ас еиԥш ауснагӡатә раԥхьаӡа акәны имҩаԥаҳгоит, уи аԥхьа Акультура аминистрра алахәӡамызт. Ақыҭанхамҩатә аалыҵ цәыргахоит, амилаҭтә хәмаррақәеи аконцерттә программеи ҟалоит. Акультура аминистрра аҟәшаҟны убри аконцерттә программа снапы иануп. Иара еиднакылоит араионқәеи ақалақьқәеи. Иаҳҳәап, Гәдоуҭантәи ансамбль алахәхоит, Гәылрыԥшьынтә ахәыҷтәы ансамбль, Тҟәарчалынтә, Очамчырантә арҿиаратә коллективқәа, жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу ансамбльқәа. Ари ауснагӡатә иадыԥхьалахар ҳҭахуп аԥсшьаҩцәа, избанзар ирацәаҩуп Гал ҳәа ақалақь шыҟоу ззымдыруа. Агәаҳәара змоу зегьы убри амш аҽны инеир рылшоит, аконцерттә программа асааҭ 12 инаркны иалагоит, ақыҭанхамҩатә џьармыкьа асааҭ 11 инаркны иаатуеит. Даара аинтерес зҵоу усмаҩаԥгатәхоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Гәынба.Гал имҩаԥгахо ақыҭанхамҩатә џьармыкьа алахәхаразы азыҳәақәа рыдыркылоит нанҳәа 1 аҟынӡа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/1a/1047136207_117:0:1254:853_1920x0_80_0_0_11a76a5839144e943228f3f86e0c5783.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба Гал имҩаԥгахо ақыҭанхамҩатә џьармыкьеи аконцерти ртәы
Гал ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭиразы еиҿкаахо ауснагӡатә Аԥсны акультура аминистрра дгыларас ианаҭо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аминистрра иатәу акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынба.
Нанҳәа 5 рзы Гал имҩаԥысраны иҟоуп арлахҿыхратә программа зцу ақыҭанхамҩатә џьармыкьа. Уи еицеиҿыркаауеит Аԥсны акультура аминистрреи Гал араион анапхгареи.
"Ас еиԥш ауснагӡатә раԥхьаӡа акәны имҩаԥаҳгоит, уи аԥхьа Акультура аминистрра алахәӡамызт. Ақыҭанхамҩатә аалыҵ цәыргахоит, амилаҭтә хәмаррақәеи аконцерттә программеи ҟалоит. Акультура аминистрра аҟәшаҟны убри аконцерттә программа снапы иануп. Иара еиднакылоит араионқәеи ақалақьқәеи. Иаҳҳәап, Гәдоуҭантәи ансамбль алахәхоит, Гәылрыԥшьынтә ахәыҷтәы ансамбль, Тҟәарчалынтә, Очамчырантә арҿиаратә коллективқәа, жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу ансамбльқәа. Ари ауснагӡатә иадыԥхьалахар ҳҭахуп аԥсшьаҩцәа, избанзар ирацәаҩуп Гал ҳәа ақалақь шыҟоу ззымдыруа. Агәаҳәара змоу зегьы убри амш аҽны инеир рылшоит, аконцерттә программа асааҭ 12 инаркны иалагоит, ақыҭанхамҩатә џьармыкьа асааҭ 11 инаркны иаатуеит. Даара аинтерес зҵоу усмаҩаԥгатәхоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Гәынба.
Гал имҩаԥгахо ақыҭанхамҩатә џьармыкьа алахәхаразы азыҳәақәа рыдыркылоит нанҳәа 1 аҟынӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.