Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арегионқәа рыцхәҳаахәҭра: Аԥсни Урыстәыла асубиектқәеи реизыҟазаашьа аҿиара шалшо

© SputnikЗалина Кобесова
Залина Кобесова  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова лхы алалырхәит Жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа "Иннопром".
АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа наплакыҩцәеи Урыстәыла арегионқәеи алҵшәа змоу аизыҟазаашьақәа рымоуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәҳаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.
"Аԥсныҟа иаарго аалыҵ аиҳарак ааигәатәи урыстәылатәи арегионқәа рҟынтә оуп ишаарго. Ставропольтәи Краснодартәи атәылаҿацәқәа, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәоуп. Убри аан, Аԥсны иазааигәам арегионқәа рымадараз алогистика азхәыцра алшоит. Зегь зхьыԥшу арегион Аԥснытәи аҩнуҵҟатә џьармыкьаҿы аҭиразы иаднагалар ма ианаҭар иҟало ааглыхратә аалыҵ ауп". - лҳәеит лара.
Жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа "Иннопром" ахь аҟазаара алҵшәақәа рыла Ахәаахәҭратә хаҭарнакрахь инашьҭуп 40 инареиҳаны азыҳәақәа еиуеиԥшым аалыҵ ҭзыжьуа урыстәылатәи аилахәырақәа рҟынтәи ҳәа лҳәеит Кобесова.
"Арҭ ирыҵанакуеит афымцашьақәгылатә техникатә хархәагақәа ҭзыжьуа аиалхәырақәа, ахыб аӡҭарчқәа ргидроизолиациа зуа аметалл иалху аконструкциақәа ҭзыжьуа аилахәырақәа. Арҭ зегьы Аԥсны ирҭаххаша роуп. Асиа иацуҵар ҟалоит. Сгәанала аԥснытәи аџьармыкьа урыстәылатәи ааглыхыҩцәа дуқәа рзы имаҷзаргьы раалыҵ ахәҭак ара аҭаххарақәа хнаҩон", - ҳәа лҳәеит ахәҳаахәҭратә хаҭарнак.
Кобесова иара убасгьы иазгәалҭеит, урыстәылатәи аилахәыра ишалшо Ахәҳаахәҭратә хаҭарнакрахь ашәҟәы аанашьҭыр, аӡыргаратә материал ацҵаны аҭыԥантәи аџьармыкьахь ааира.
"Ахаҭарнакра ари ашәҟәы азхьаԥшра анаҭон абизнес ма анагӡаратә мчрақәа аҽрымаданы. Ажәадгалақәа алаҳарҵәоит. Аҭакқәа анҳаулак аалыҵ аинтерес змоу ауаа еимаадоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Ахәҳаахәҭратә хаҭарнакра ари аҩыза ацхыраара рнаҭар ҟалоит аԥснытәи анаплакыҩцәагьы, урҭ урыстәылатәи абизнесуаа рыдҳәаларала ҳәа лҳәеит Залина Кобесова.
Ажәабжьқәа зегьы
0