Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шәманиа Лыхнашҭа ааха зҭаз аҭәаҵлазы: макьана иахьазы иманшәаланы иааиуеит

Шәманиа Лыхнашҭа ааха зҭаз аҭәаҵлазы: макьана иахьазы иманшәаланы иааиуеит
Анапаҵаҩра
Лыхнашҭа иҟоу мшаԥымзазы ааха зҭаз аҭәаҵла иахылаԥшуа, иақәнаго аусмҩаԥгатәқәа еиҿызкаауа аихаҳаҩ Дмитри Шәманиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иахьазы уи аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Лыхны ақыҭаҿ ааха зҭаз аҭәаҵла ашәарҭара иацәцеит ҳәа агәаанагара аадырԥшит аспециалистцәа. "Иалшоны иҟаз ауснагӡатәқәа зегь ҟаҳҵеит. Алҵшәагьы ҳауит, аха быӷькаԥсанынӡа ак ахҳәаара хьшәоуп", –иҳәеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Ашәырқәа реихаҳәаҩ, аҭәаҵла иахылаԥшуа Дмитри Шәманиа ицәажәараан иҳәеит, уи аиқәырхаразы иахьазы иахәҭаз ауснагӡатәқәа нагӡоуп, Китаи атәылауаа иааргаз ахәшәқәа аҵлаи азыҟарҵеит, ашьапы иаакәыршаны ижны арҵәыга арҭеит.
"Уажәшьҭа иара (аҵла-азгәаҭа) ҳахәаԥшуеит. Аарҩара ӷәӷәақәа аныҟоу аӡы аҵаҳҭәоит. Егьыс макьана излаҟоу ала ибзианы иааиуеит. Абри нанҳәамзы анҵәамҭазы иаҳа аҽҳнардыруеит ишыҟало", - иҳәеит Шәманиа.
Иара иазгәеиҭеит аҵла аԥҟарсҭа ибзианы еилаӷьахьеит, аха ишьҭнахуа ацәаакыра аҵабара ишахәҭоу еиԥш, ҽеишәа иҟам ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0