https://sputnik-abkhazia.info/20230807/abara-abarala-nati-bakhtae-dyzshyz-a-garas-iou-daankyloup-1047377207.html
Аӡбарҭа аӡбарала Нати Бахтаӡе дызшьыз ҳәа гәҩарас иҟоу даанкылоуп
Аӡбарҭа аӡбарала Нати Бахтаӡе дызшьыз ҳәа гәҩарас иҟоу даанкылоуп
Sputnik Аҧсны
Ишьу аҭыԥҳа лыԥсыбаҩ аԥшаара иалахәуп шәҩык рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп азинхьчаратә усбарҭақәеи АҶА-еи русзуҩцәа, ЕгрыГЕС... 07.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-07T21:40+0300
2023-08-07T21:40+0300
2023-08-08T10:06+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/04/1031768406_0:224:2847:1825_1920x0_80_0_0_62e0a7fa1ca60b039dd339794243a12a.jpg
АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аӡбарҭа аӡбарала Нати Бахтаӡе дызшьыз ҳәа гәҩарас иҟоу Аинар Ҵәыџьба ҩымз ҳәа даанкылоуп. Абри атәы иҳәеит Гал араион апрокурор Апрокуратура хада аколлегиа аилатәараҿы.Аҭыԥҳа дшыӡыз азы ажәабжь ҟалеит ԥхынгәы 28 рзы. Нанҳәа 3 рзы Гал араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Нати Бахтаӡе лышьразы гәҩарас иҟоу, Очамчыра ақалақь аҟны инхо Аинар Ҵәыџьба иганахь ала.25-шықәса зхыҵуа Ҵәыџьба иҿы иқәшаҳаҭхеит иумҭаз, иҳәеит аӡхыҽҽаратә ГЕС аӡеизакырҭа лыԥсыбаҩ шалаижьыз.Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшаарақәа цоит, уи иалахәуп шәҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.
https://sputnik-abkhazia.info/20230806/natia-bakhtaei-lysyba-iashaz-gal-araion-inarkny-ochamchyrana-agashaa-eimyrdaait-1047332240.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/04/1031768406_58:0:2789:2048_1920x0_80_0_0_5e16422a21e564c7a6afca480445e9d1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аӡбарҭа аӡбарала Нати Бахтаӡе дызшьыз ҳәа гәҩарас иҟоу даанкылоуп
21:40 07.08.2023 (ирҿыцуп: 10:06 08.08.2023) Ишьу аҭыԥҳа лыԥсыбаҩ аԥшаара иалахәуп шәҩык рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп азинхьчаратә усбарҭақәеи АҶА-еи русзуҩцәа, ЕгрыГЕС аиқәырхара-аӡхәыҵалаҩцәа рмаҵзура, иара убас аволонтиорцәа.
АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аӡбарҭа аӡбарала Нати Бахтаӡе дызшьыз ҳәа гәҩарас иҟоу Аинар Ҵәыџьба ҩымз ҳәа даанкылоуп. Абри атәы иҳәеит Гал араион апрокурор Апрокуратура хада аколлегиа аилатәараҿы.
"Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшаарақәа шцац ицоит, дара мҩаԥысоит амшынӡҵакыраҿ. Аԥшаарақәа ирылахәуп зышәагаа маҷу аӷбақәа, азинхьчаратә гәыԥ, аҭыԥантәи ауааԥсыра, акинологцәа. Ҵәыџьба даанкылоуп ҩымз ҳәа", - ҳәа иҳәеит иара.
Аҭыԥҳа дшыӡыз азы ажәабжь ҟалеит ԥхынгәы 28 рзы. Нанҳәа 3 рзы Гал араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Нати Бахтаӡе лышьразы гәҩарас иҟоу, Очамчыра ақалақь аҟны инхо Аинар Ҵәыџьба иганахь ала.
25-шықәса зхыҵуа Ҵәыџьба иҿы иқәшаҳаҭхеит иумҭаз, иҳәеит аӡхыҽҽаратә ГЕС аӡеизакырҭа лыԥсыбаҩ шалаижьыз.
Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшаарақәа цоит, уи иалахәуп шәҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.