Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ихәыз ахәыҷра: Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку ашәҟәы Sputnik аҿы иӡыргоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация книги Саиды Жиба в ПЦ Sputnik
Презентация книги Саиды Жиба в ПЦ Sputnik - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2023
Анапаҵаҩра
Ашәҟәы "Ихәыз ахәыҷра" шьақәыргылоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан ихәыҷқәаз ргәалашәарақәа рыла.
АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ажурналист Саида Жьиԥҳа 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку лышәҟәы ӡырган Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы нанҳәа 7 рзы.

Ашәҟәы аибашьраан ихәыҷқәаз ҩажәижәаҩык ауааԥсыра 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку ргәалашәарақәа рыла ишьақәыргылоуп. Аԥхьаҩ арҭ аҭоурыхқәа идырыр алшоит аԥсшәа, аурысшәа, аҭырқәшәа рыла.

Аиааира 25 шықәса ахыҵраан Саида Жьиԥҳа аибашьра иадҳәалаз лгәалашәарақәа ртәы лҩит. Лусумҭа ажурналисттә еицлабраҿы ахԥатәи аҭыԥ аннакылеит. Анаҩс лара илыӡбеит леиԥш зеиԥшу, аибашьраан ихәыҷқәаз ргәалашәарақәа еидкылан ашәҟәы ҭлыжьырц.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшәҟәы "Ихәыз ахәыҷра" Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы аӡыргара
Презентация книги Саиды Жиба в ПЦ Sputnik - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2023
Ашәҟәы "Ихәыз ахәыҷра" Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы аӡыргара
"Ауаа рҭоурыхқәа еизганы Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкны ашәҟәы ҭсыжьырц иақәыскит. Аусура уадаҩын, избанзар сыздгылоз зегьы ргәалашәарақәа сыцеиҩыршар рҭахымызт. Шықәсыбжак аҟынӡа ашәҟәы афырхацәа еизызгон. Иҟан зхала зҭоурыхқәа ҭазыҩуазгьы", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.
Аҭырқәа бызшәахьы атекст еиҭеигеит Октаи Чкотуа, аурыс бызшәала иҩыз атекстқәа аԥсуа бызшәахьы еиҭаргеит Елеонора Коӷониаԥҳаи Наала Хьециаԥҳаи, аԥсышәала иҩыз атекстқәа аурысшәахь еиҭаргеит Зарина Баснык-Коӷониеи Алина Жьиԥҳаи. Ашәҟәы 246 даҟьа амоуп, атираж – 500 цыра.
Ажәабжьқәа зегьы
0