Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа Аахыҵ Уаԥстәыла иҭахаз ргәаладыршәеит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Вице-президент Бадра Гунба посетил посольство Южной Осетии в Абхазии
Вице-президент Бадра Гунба посетил посольство Южной Осетии в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2023
Анапаҵаҩра
Иҭахаз ргәаладыршәарц инеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟаз атәыла ахада Иусбарҭеи, Апарламенти, Аминистрцәа реилазаареи рхаҭарнакцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Приднестровие ацҳаражәҳәаҩ Гарри Кәыпалба.
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Нанҳәа 8 рзы Аҟәа иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы иргәаладыршәеит 2008 шықәса нанҳәа 8 рзы ақырҭқәа ржәылараан иҭахаз.
"2008 шықәсазтәи Аахыҵ Уаԥстәылатәи аибашьра кьаҿын, ишьаарҵәыран иҭархаз рацәаҩӡоуп, высшьагьы амам. Нанҳәа 8 ауха ацәа иалаз Цхинвал ракетала ианалахысуази аоперациа анхыркәшахаз нанҳәа 12 рыбжьара ибжьанакит шәҩыла аԥсҭбарақәа – аруаа, аҭынч уааԥсыра, урыстәылатәи асолдаҭцәеи афицарцәеи рҟынтәи. Еилаԥыххаан Цхинвал ақалақь", - ҳәа иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ.
Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра ахаан ирхашҭуам урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рфырхаҵара ҳәа азгәеиҭеит Боциев, иҳәеит арҭ амшқәа рышьҭахь ишазхаҵаз Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра. Аԥсны ахадеи ауаажәлари рыхьӡала ажәа иҳәеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба .
"15 шықәса ҵит Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар арыцҳара ду рхысижьҭеи. Усҟантәи аамҭақәа рзы аиҿцәажәаратә процесс шымҩаԥысуазгьы Қырҭтәыла амчрақәа ирыӡбеит еибашьрала азҵаара рыӡбарц, Аахыҵ Уаԥстәыла рымпыҵархаларц. Ареспублика ауааԥсыра ргәымшәара, рыгәаӷьра, рфырхаҵара иабзоураны, Урыстәыла анапхгара ирыбзоураны Қырҭтәыла ԥхьацан", - ҳәа иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ.
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2023
Аԥсны
Бжьаниа иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар адгылара шриҭо 2008 шықәсатәи ахҭысқәа инарымаданы
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иазгәеиеҭит 2008 шықәсазы ишеилкаахаз анацистцәа ажәала акәымкәа абџьарла ишрацәажәатәу.
"Усҟан иалыршахеит Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәыла иҟаз аҩыза аҭыԥ амҭара. Уажә уи аҩызаҵәҟьа ҟарҵоит Украина аиаша зыхьчо Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла рыруаа. Асимвол ҟазшьа амоуп усҟан Цхинвал иажәлаз ақырҭуа еиҿкаарақәа рлахәылацәа иахьа Украина рықәнага иахьақәдыршәо. Уи аҩыза уаҳа ҟалашьа аҳҭом", - ҳәа иҳәеит Шургалин.
Қырҭтәыла нанҳәа 8 2008 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы.
Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы ареспублика ар аланагалеит нанҳәа 12 рзы, Қырҭтәыла аҭынчра иазхьанарԥшырц иақәыӷәӷәо. Хәымш рышьҭахь ақырҭуа ар атәыла иалцан. 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Москва Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверенитет азханаҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0