Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа Аԥсны археологиатә жрақәа ироуа адгыларазы: ушьапы неиҵыхны ус дук узрылауам

Џьопуа Аԥсны археологиатә жрақәа ироуа адгыларазы: ушьапы неиҵыхны уск дук узрылауам
Анапаҵаҩра
Ижәытәӡатәиу ақалақь Гиуенос, ҳаамҭазтәи Очамчыра иахьаҵанакуа, археологцәа имҩаԥырго аԥшаарақәа сынтәагьы ирыцҵоуп. Аекспедициа шеиҿкаау, макьаназы акыр рԥыхьашәахьоума, аус ахьыруа аҭыԥ аҿы анкьа иҟаз аргыларақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит археолог, аекспедициа анапхгаҩы Аркади Џьапуа.
Очамчыра аус зуа археологцәа хымчыбжьа ирықәуп аԥшаарақәа мҩаԥыргоижьҭеи. Сынтәатәи аекспедициа угәы умыхькәа узалацәажәом, избанзар ҩажәашықәса инацны аус зцызуаз, Москвантәи иаауаз сҩыза Александр Скаков дҳавагылаӡам, ааигәа дҳаԥхеит ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа. Иара иҳәеит аекспедициа амҩаԥгаразы рылшарақәа ҳасаб азуны, ажрақәа шымҩаԥыргоз ҵыԥх ажәытә ныҳәарҭеи аҭса иалхыз аҭоубыҭи ахьырԥшааз адгьылҵакыраҟны, еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа аҿыгҳарақәа рҿы.
Џьопуа иазгәеиҭеит, ас еиԥш археологиатә ԥшаарақәа рымҩаԥгаразы аҳәынҭқарра ԥарақәак азоунажьуеит, аха уи ала уҽнарҭбааны ус дук ууртә ишыҟам, ажрақәа еицымҩаԥыргоит Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи.
"Ацхыраара иахьазы иҳауеит Аԥсуаҭҵааратә институти амузеии рҟынтәи, аха уи ала ушьапы неиҵыхны ус дук алаууа иҟам, аха аԥхьа иҟалап ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Џьопуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0