Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Соломко агыгшәыгқәа аԥара рыларҳара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Соломко агыгшәыгқәа аԥара рыларҳара иазкны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырган Гагра аӡәы алым ашаха ахаҵаны икыдҿаҳәалан ишимаз аазырԥшуаз афотосахьа. Ас еиԥш агыгшәыг ишазныҟәо збаз ауаа апрокуратура ашҟа ашшыԥхьыӡқәа нарышьҭуа иалагеит. Иахьазы иҟоу адыррақәа рыла алым хкаара дук ахь ииагоуп. Агыгшәыгқәа ықәҿаҳәаны, иргәаҟны аԥара рылазырҳауа хьырхәрас ирымоу иахьазы далацәажәеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко.
"Ас еиԥш ахҭысқәа раан, ҳара аекологцәа иҳалшо аԥкаанҵа ҩны аԥара рықәҵара ауп, ахараԥса аҳасабала. Убри рымхны( агыгшәыг азы-азгәаҭа) џьара иаҳгартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамаӡам. Ижәдыруеит Аацы ақыҭаҟны алымқәа рбаҳча ҟаҵаны иҟоуп, аха уахь ирыдыркылаӡом џьарантә иаауго, ашәҟәы ацзароуп агәабзиара атәы. Алым ақалақь аҟны иҿаҳәаны измаз ддәықәаҳҵуеит уаҳа уахь умнеинҳәа, аха иара иаҳаӡом, есыҽныгьы ахараԥса сшәоит иҳәеит. Иацы амилициа адгаланы ҳеколог уаантәи иқәигеит агыгшәыг", - иҳәеит Соломко.
Иара иазгәеиҭеит иахьазы агыгшәыг аԥара алазырҳауа афотоқәа ацҭыхраан, иршәо ахараԥса иахьазы 1 800 мааҭ шыҟоу. Аеколог игәаанагарала ахараԥсақәа рышьҭыхра иаҳа аҭагылазаашьа еиӷьнатәыр алшоит. Ҽнак агыгшәыг ргәаҟны иаладырҳауа аԥара, иддыршәо ахараԥса аасҭа иахьа акыр еиҵоуп.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0