Урыстәыла

RT арратә корреспондентцәа рзы жәларбжьаратәи аԥхьахә азы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТелеканал Russia Today. Архивное фото
Телеканал Russia Today. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2023
Анапаҵаҩра
Аԥхьахә аԥҵоуп Шьамтәыла, 2017 шықәса ԥхынгәы 30 рзы иҭахаз, RT Arabic аус ацызуаз ажурналист Халед аль-Хатыб ихьӡала.
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Ателеканал RT иаанартит Khaled Alkhateb International Memorial Awards алахәхаразы азыҳәа.
Есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥхьахә ранаршьоит аимак ахьыҟоу рҵакырақәа рҟынтәи иреиӷьу аусумҭазы.
Аԥхьахә абарҭ акатегориақәа рҿы иранаршьоит:
бџьаршьҭыхлатәи аимакқәеи урҭ рыхҟьаԥҟьақәеи рзы аматериалқәа рзы- "Аимак аҵакыраҟынтәи иреиӷьу аусумҭа";
аимак аҵакыраҟынтәи иҟоу ауаа рҭоурыхқәа, аграждантә уааԥсыреи ахҵәацәеи рыцхыраара, аҭынчԥсҭазаара азыхынҳәра рзы - "Иреиӷьу аусумҭа: агуманитартә миссиа".
Иаиааиз иранашьахоит аԥаратә ԥхьахә 200 000 мааҭ. Азыҳәа анашьҭра ҟалоит абри асаит ахь: https://award.rt.com/ru/. Аусумҭақәа рыдыркылоит ҩыратә формалеи авидеоформат алеи.
Ателеканал RT ишьаҭанаркит аԥхьахә Khaled Alkhateb International Memorial Awards Шьамтәыла, 2017 шықәса ԥхынгәы 30 рзы иҭахаз, RT Arabic аус ацызуаз ажурналист Халед аль-Хатыб ихьӡала. Иара дҭахеит шьамтәылатәи апровинциа Хомс аҿы 2017 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0