Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Матуаԥҳа адокументалтә фильм "Сыхьҭашьуеит" иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Матуаԥҳа адокументалтә фильм «Сыхьҭашьуеит» иазкны
Анапаҵаҩра
Ателеканал Абаза-ТВ аефир азырхиара иаҿуп Аԥсны Аиааира зхы ақәызҵаз ҳџьынџьуаа ирызку адокументалтә фильмқәа. Апроект "Сыхьҭашьуеит" автор, ажурналист Фаина Матуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уи аҵакы хада атәы, уи ала иаалырԥшырц илҭахыз, насгьы шьаҭас иаиуаз.
Фаина Матуаԥҳа илгәалалыршәеит аибашьра шалагаз азы ажәабжь шлаҳаз.
"14 рзы (август, 1992 ш. - аред.) Инигиоль ақәгылара ҳаман. Ҳаӡбахә заҳаз зегьы еизеит. Ҳара ашәаҳәара ҳаҿуп, Аԥсныҟа аибашьра иалагахьеит, уи атәы ҳаздырӡом. Ҩ-ашәак ааҳҳәоны, ҳааныркылеит. Иқәгыланы ирҳәеит аибашьра иалагеит ҳәа. Убри инаркны аилаҩынтра рацәахеит. Ауха ҳахьцаз, ҳашцаз ҳәа сгәалашәаӡом. Адаԥазар аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа зегьы еидызкылоз адернеқь аҿы ҳаизеит. Аҷкәынцәа еибашьра ҳамцар ҟалом ҳәа иаагылеит. Аԥсуа, аҟабарда, ачерқьес, уа еилых ыҟаӡамызт. Џьоукы амҩа аанаҳкылароуп рҳәеит Анкареи Сҭампыли еимаздоз, иҟазҵозгьы ыҟан. Аҭыԥқәагьы рыман, аха ишәаӡомызт. Аԥсны ашәарҭара ишҭагылаз азы рыбжьы ддырҳар рҭахын аҭырқәа ҳәынҭқарра. Рхы еигӡаӡомызт, ишыҟарҵалакгьы, иаар рҭахын. Абри зегьы сыла иабон. Хыла-ԥсыла, гәыла, заҟа игәаҟуаз, иааз ааит, аха имаазгьы заҟа џьабаа рбоз арахь ацхыраара ҳарҭарцаз, абарҭ ахҭысқәа зегьы срылахәын", - ҳәа еиҭалҳәеит Матуаԥха.
Апроект шьаҭас иаиуз атәы далацәажәауа, ажурналист илҳәеит, Беқьыр Ашәба ихәыцрақәа зну ашәҟәы шлықәшәаз.
"Сыхьҭашьуеит". Убра исҭахыз сыԥшааит. Уи зхиҳәаазгьы Баҳадыр иоуп. Иара даныԥсуаз, ахьҭа сакуеит ҳәа иеиҳәон. Дизырԥхомызт. Уи ашәҟәы аҵыхәтәанынӡа аԥхьара цәгьан. Аҷкәын, атәым дгьыл иааӡаз, дызмилаҭу шизымдыруаз, аха нас ишеиликаауа… Аԥсны идыруама, изымдыруама, рыԥсадгьыл рбахьама, ирымбахьама, иахьынтәиаауа сыздырым, аха бзиабарак рымоуп рыԥсадгьыл ахь. Абрахь ирыхоит. Абри аҭоурых еиҭасҳәар сҭахын. Иҭахазгьы сыцхрааит ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьа иаашар срыҳәон, рыхьыӡқәа ҳәаны, Ефқан, Ведаҭ, Баҳадыр… Исыцхрааит… Иалыршахеит…" - ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Матуаԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0