Урыстәыла

Урыстәыла Абанк хада 12% рҟынӡа ихадоу азыԥҵәа шьақәнаргылеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Банка России на улице Неглинная в Москве.
Здание Банка России на улице Неглинная в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2023
Анапаҵаҩра
Адиректорцәа рхеилак изаамҭанытәим аилатәра мҩаԥган нанҳәа 14 рзы амааҭ аԥсыҽхара инадҳәаланы. Ашәахьа адоллар акурс 101 мааҭ иҟан, аевро – 111 мааҭ.
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Урыстәыла Абанк хада аӡбарала 12% рҟынӡа ихадоу азыԥҵәа шьақәнаргылеит ҳәа аанацҳауеит абанк апресс-маҵзура.
Ари Урыстәыла Абанк хада 2022 шықәса лаҵарамзаахыс раԥхьаӡакәны еиҳа иҳараку зыԥҵәоуп. Уаанӡа Урыстәыла Абанк анапхгаҩцәа Рхеилак 2023 шықәса ԥхынгәы 21 рзы аӡбара аднакылеит ихадоу азыԥҵәа шьҭанахырц 8,5% аҟынӡа.
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Урыстәыла аинфлиациа еиҳа аҽарӷәӷәеит: ашықәстә рбага иаҿырԥшны иара нанҳәа 7 азтәи арбага 4,4% инеит ҳәа азгәанаҭоит Абанк хада.
"Аҭыжьратә лшара арҭбаара иахыҳәҳәо аҩнуҵҟатә ҭахрақәа идырӷәӷәоит аинфлиациатә қәыӷәӷәара, амааҭ акурс адинамика ианыруеит аимпорт аҭахра ашьҭыҵрала. Амааҭ ԥсыҽхоит, аинфлиациатә зыԥшрақәа ирыцлоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Иӡбан аинфлиациа 2023 шықәсазтәи 4% рзыхынҳәреи анаҩсгьы уи аҩаӡараҟынӡа ашьақәыртәареи. Адиректорцәа рхеилак анаҩстәи аилатәара мҩаԥгахоит цәыббра 15 рзы. Ихадоу азыԥҵәа аганахь ала аӡбара рыдыркылоит аинфлиациатә динамика иадҳәаланы, афинанстә џьармыкьақәа рҿы аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии ҭагылазаашьақәа азгәаҭаны.
Ихадоу азыԥҵәа — Абанк хада акоммерциатә банкқәа мчыбжьык ҳәа ирнаҭо акредитқәа иреиҵаӡоу рыпроцент ауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0