Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афинансқәа рминистрраҿы еиҭарҳәеит 2023 ашықәсбжатәи ареспубликатә биуџьет анагӡашьа

© Sputnik / Томас Тхайцук Деньги
Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2023
Анапаҵаҩра
Аказначеиратә усбарҭа аиҳабы идыррақәа рыла, 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шықәсыктәи ахашәалатә хәҭа 4 миллиарди 781 миллион мааҭ ыҟоуп.
АҞӘА, нанҳәа 17 – Sputnik. 2023 шықәса раԥхьатәи афымз аҩнуҵҟала ареспубликатә биуџьет ахашәалатә хәҭа иартәеит 4 миллиардки 680 мааҭ, ашықәстәи ауснагӡа 10 миллиардки 338 миллион мааҭ ҳәа ахьарбаз аҟынтә ҳәа арадио Sputnik иазеиҭаиҳәеит аминистрра Аказначеиратә усбарҭа аиҳабы, аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Саид Гәбаз.
Гәбаз ишиҳәо ала, уснагӡала ахатә хашәалақәа 4 миллиардки 781 миллион мааҭ иҟалароуп, уажәазы инагӡоу 2 миллиардки 276 миллион мааҭ роуп.
"Абиуџьет анагӡара арбагақәа цәгьаӡам. Ҳақәгәыӷуеит ашықәс нҵәаанӡагьы усеиԥш иҟалап ҳәа", - азгәеиҭеит иара. Иҳәеит ахашәалақәа рзы ахԥатәи аԥшьбара шакәу еиҳарак ахьанҭара хада иаҵало –акурорттә сезон. Усҟан ауп ареспубликаҿ атауарқәеи амаҵзурақәеи рҭахрақәа еиҳа ианеиҳахо.
Абиуџьет аныхратә хәҭа ашықәстәи ауснагӡаҿы 12 миллиардки 89 миллион мааҭ арбоуп, инагӡоуп 4 миллиардки 583 миллион мааҭ рыла. Гәбаз иажәақәа рыла аныхратә хәҭа ԥкрада инагӡан.
Аминистр лхаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, фымз рыҩнуҵҟа миллиардк инарзынаԥшуа ашәарақәа еиԥырҟьан афинанстә дисциплина, адокумент аиҿкаашьа, ашәарақәа рхықәкытә ныхра реилагара иахҟьаны.
Гәбаз иҳәеит аусбарҭа ахықәкы хадақәа ишреиуоу - абиуџьеттә ԥарақәа хра рымазаара аизырҳареи реиҷаҳареи шракәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0