Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Андреи Варваштиан ихәшәтәразы аԥареизгара иалагеит

© Sputnik / Бадри Есиава Андрей Варвашян "Искусство без границ"
Андрей Варвашян Искусство без границ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2023
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы аинформациа жәбар алшоит афонд "Ашана" аофициалтә саити асоциалтә ҳақәеи рҿы.
АҞӘА, нанҳәа17 – Sputnik. Агәыҳалалратә фонд "Ашана" хәышықәса зхыҵуа Андреи Варваштиан ихәшәтәразы аԥареизгара иалагеит.
Аҷкәын ицәажәаратә ҿиара ԥкуп, аинформациа адкылара ицәыуадаҩуп. Андреи уажәы адиагностикеи ареабилитациатә курси дырхысроуп Шәача анеирореабилитациатә центр "Импульс" аҿы. Амедусҳәарҭаҿы дахрыжьуеит анеирокоррекциа, АРТ-терапиа, асенсортә интеграциа, алогопед-дефектолог аус ициуеит.
Амедицинатә гәаҭара, ахәшәтәра, анхара рзы еизгатәуп 196 340 мааҭ.
Андреи афатәҟаҵара бзиа ибоит, иан акҿыҩраҿы длыцхраауеит. Уи ауп апроект "Иҳәаадоу аҟазара" аҟны еиҭеиҳәаз.
Ахәыҷы игәаҳәара нарыгӡеит гагратәи акаҳуажәырҭа "Бриошь" аԥшәма Асида Лободеи лыԥҳа Иулианеи. Дара Андреи ирҭеит ахәыҟаҵаҩ ишәҵатәи ахылԥеи, иара убасгьы ицхрааит аимбир иалху априаник аӡраҿы.
Ахәыҷы ацхыраара иҭаразы аинформациа жәбар алшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0