Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рзы: кьыс амамкәа иҟазароуп

Ҳагба Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рзы: кьыс амаиуа иҟазароуп
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысуеит "Аԥсны. Урыстәыла ареспублика ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15 шықәса ахыҵра" захьӡу афорум. Жәохә шықәса раԥхьа аҩ-ҳәынҭқаррак иҳамаз аизыҟазаашьақәеи иахьатәии арадио Sputnik аефир аҿы еиҿирԥшит аполитолог Беслан Ҳагба.
Афорум ахықәкы, адунеи атәылақәа ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реиԥш ишыҟоу рызнагароуп, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагба. Аԥсуа ҳәынҭқарра инагӡаны ианашьықәгыл 2008 шықәса рзоуп, убри ҳхымышҭроуп, ҳәа инациҵеит иара.
"Аҳәынҭқарратә статус ахьыԥшымра азхаҵара ашьҭахь шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Уаанӡа анахьгьы ҳатәымызт, арахьгьы ҳатәымызт, иаҳԥеиԥшу ҳаздыруамызт. Урыстәылагьы азнеишьа хазын уаанӡа. Зны-зынла убас рхы мҩаԥыргон, Қырҭтәылеи ҳареи ҳаинышәарц рҭахызшәа. Ҳара иҳауз ахьыԥшымра аҵак ду амоуп, уи ҳхамышҭроуп изыбзоуроугьы. Иахьа Урыстәыла иҟоу аполитикцәа Аԥсны аганахьала рхымҩаԥгашьа ҽакуп, аха иааиуа рҽырыԥсахыр ауеит. Ҳаимадара убас иҟазароуп, даҽа кьыск амаиуа. Убри аганахьала ҳара иҟаҳҵаз даара имаҷуп", - азгәеиҭеит Ҳагба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0