Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҵара аминистрреи "Аныҟәара ахылаԥшҩцәа қәыԥшцәа" рхеилаки русецуразы еиқәшаҳаҭхеит

© Foto / Минпрос Абхазии Первый всероссийский форум среднего профессионального образования в Москве
Первый всероссийский  форум среднего профессионального образования в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа далахәуп Москва имҩаԥысуа абжьаратә заанаҭқәа рҵараиуразы Урыстәылазегьтәи афорум.
АҞӘА, нанҳәа 18 – Sputnik. Аԥсны аҵара аминистрреи амҩатә шәарҭадара аӡыргаразы иаԥҵоу урыстәылазегьытәи ахәыҷтәы-қәыԥштә "Аныҟәара ахылаԥшҩцәа қәыԥшцәа" рхеилаки русецуразы Амеморандум рнапы аҵарҩит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҵара аминистрра асаит.
Аныҟәара ахылаԥшҩцәа қәыԥшцәа ргәыԥқәа ашколхәыҷқәа рыла ишьақәгылоуп, дара рхықәкы- амҩан ашәарҭадареи амҩатә ԥҟарақәеи рӡыргара ауп.
Амеморандум рнапы аҵарҩит нанҳәа 17-18 рзы Москва имҩаԥысуа абжьаратә заанаҭқәа рҵараиуразы Урыстәылазегьтәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны.Уи иалахәын урыстәылатәи арегионқәеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҟынтәи ҩ-нызқьҩык.
Ахеилак "Аныҟәара ахылаԥшҩцәа қәыԥшцәа" аус ауеит 1973 шықәса раахыс. Уи иалахәуп 8 шықәса инаркны 16 шықәса зхыҵуа рҟынӡа 456 нызқьҩык ауааԥсыра, дара Урыстәыла 85 субиект рҟны аус руеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0