Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аветеран Мариа Глускер лиирамш лыдырныҳәалеит "Москва Аҩни" Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи

© Foto / Пресс-служба Дома Москвы в СухумеДом Москвы в Сухуме и Посольство России в Абхазии поздравили со 101-летием ветерана Великой Отечественной войны
Дом Москвы в Сухуме и Посольство России в Абхазии поздравили со 101-летием ветерана Великой Отечественной войны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2023
Анапаҵаҩра
Мариа Глускер иланашьоуп Аеҵәа ҟаԥшь аордени, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡареи, иара убас "Аибашьратә лшамҭақәа рзы", апартизантә отриад аҟны лыҟазаараз, агәыԥмаӡа аҟны лусуреи рзы амедалқәеи.
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Мариа Глускер 101 шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит Аҟәа иҟоу акультура-усутә центр "Москва Аҩныи", Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи рхаҭарнакцәа. Абри атәы аанацҳауеит ацентр апресс-маҵзура.
"Акыр иаԥсоу Мариа Захар-иԥҳа, есҽнытәи шәыԥсҭазаара агәырӷьареи агәалаҟазаара бзиеи рыла ихаҭәазааит. Шәааигәа иҟоу зегь насыԥ рымазааит. Ашықәс рацәеи агәалаҟазаара бзиеи шәзеиӷьаҳшьоит", - ҳәа аҳәоит ацентр ахаҭарнак Мариа Соиа дзыԥхьаз "Москва Аҩны" анапхгара иҟарҵаз адныҳәаларатә шәҟәы.
Мариа Захар-иԥҳа Глускер афронт ахь днанагеит 1941 шықәсазы, 18 шықәса зхыҵуаз раԥхьа амедиаҳәшьас, анаҩс апартизанцәа ргәыԥ ахь диасыр акәхеит.
Глускер иланашьоуп Аеҵәа ҟаԥшь аордени, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡареи, иара убас "Аибашьратә лшамҭақәа рзы", апартизантә отриад аҟны лыҟазаараз, агәыԥмаӡа аҟны лусуреи рзы амедалқәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0