Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьыкырԥҳа адемографиатә шәарҭадаразы: узыргәырӷьо ыҟам

Џьыкырԥҳа ақыҭақәа рдемографиатә ҭагылазаашьазы: узыргәырӷьо ыҟам
Анапаҵаҩра
Адемографиатә шәарҭадара азҵааразы аиԥылара еиҿкаан Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аҟны. Уи иалахәын аҵарауаа, араионқәа рхаҭарнакцәа, ақыҭа школқәа реиҳабацәа, амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа. Ари астол гьежь иалахәыз Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аиҳабы Марҭа Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лкаақәас иҟаҵаз.
"Ақыҭақәа рхаҭарнакцәа аҭагылазаашьа шыҟоу ҳәа ирҳәоз ала иубаратәы иҟоуп иҳамоу ауадаҩрақәа аҭаацәара аԥҵара аганахьала, ахәыҷқәа рхыԥхьаӡаразы. Арҭқәа, хымԥада, зхаԥхьаӡара маҷу ажәлар иаҳнымԥшыр залшом. Узыцәшәаша атенденциа ыҟоуп, аҭаацәара аԥызымҵац рхыԥхьаӡара иацымлозар, иагхаӡом. Хаҭала Мгәыӡырхәа аагозар, иахьа 103-ҩык ахацәа ҳамоуп аҭаацәара аԥызымҵац. Абас қыҭацыԥхьаӡа рхаҭарнакцәа рықәгылараҿы иазгәарҭон ус еиԥш аҭагылазаашьа шыҟоу дара рҿгьы. Ари иуадаҩу азҵаара цәырзго ҳәа ирԥхьаӡо акәны иҟоуп асоциал-економикатә ҭагылазаашьа. Ҳаамҭазы иҿио ауаҩы иҭахрақәа ирықәшәартә еиԥш аҭаацәара аиҿкаара уадаҩуп. Анхарҭа ҭыԥла аиқәшәара, хазы нхара ацара, иара аҭаацәара аԥҵара ахаҭагьы ахарџь рацәа зцу акы акәны иҟалеит. Ҳқыҭақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа еиҭарҳәеит, аха узыргәырӷьо аҭагылазаашьа ыҟам. Зегьы иқәгылоз иазгәарҭон азҵаара алацәажәара акәымкәа, аӡбара ада ԥсыхәа амамкәа ҳшыҟоу", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Лара иазгәалҭеит лқыҭаҟны имҩаԥгаз аҭҵаарақәа инарықәыршәаны 2011 инаркны 2021 шықәсанӡа ииз рхыԥхьаӡара 130-ҩык рҟынӡа инаӡозар, иԥсыз рхыԥхьаӡара 200-ҩык инарзынаԥшуеит.
"Ииуа рхыԥхьаӡара иԥсуа рхыԥхьаӡара ханарҭәаауам. Убранӡа ҳнеины ҳаҟоуп. Агәҭынчымра узцәырнагартә иҟоуп аҭагылазаашьа", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0