Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лабахәуа акурорттә аамҭаз аԥсуа-аурыс ҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы еиҭеиҳәеит

© SputnikГраница на реке Псоу
Граница на реке Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2023
Анапаҵаҩра
Аԥхын акурорт аамҭа анааилак Ԥсоутәи аҳәаа иахысуа ауаа рхыԥхьаӡара иаалырҟьаны еизҳауеит.
АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа арадио Sputnik апрограмма "Атәылауаҩи аиҳабыреи" иазеиҭеиҳәеит аԥсуа-аурыс ҳәааҿы акурорт аамҭаз аҳәаа иахысуа ауааи амашьынақәеи рхыԥхьаӡара акырӡа ишазҳауа атәы.
"Сынтәа ауаа Европаҟа изцаӡом. Ҳара гәахәарыла урҭ ҳарԥылоит. Ауадаҩрақәа шыҟоугьы уахи-ҽни аус аауеит. Аԥсны аҳазалхратә еилакы аганахь ала уадаҩрак аԥҵам" - иҳәоит иара.
Лабахәуа иажәақәа рыла, уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа аҩ-хырхарҭак рыла иахысуа 70 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит.
"Иахьатәи амшаз иҟоу адыррақәа рыла, уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа аҩ-хырхарҭак рыла иахысуеит 65 -70 нызқьҩык рҟынӡа. Ари рбага дууп. Иара убасгьы 11 нызқь рҟынӡа атранспорттә хархәагақәа ахысуеит. Ԥсоутәи аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы игылоу ҳколлегацәа рҽазыршәоит ирласны атранспорттә хархәагақәа ашәҟәы рҭагалара, ашьаҟауаа ирмариоу аформала аҳәаа рахыжьра. Зны-зынла ицәырҵуеит асервертә уадаҩрақәа, аха урҭ атехникатә зҵаарақәоуп", - иҳәеит иара.
КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2023
Аԥсны
Сынтәатәи аԥсшьараамҭаз Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа хә-миллионҩык инарзынаԥшуа иахысхьеит
Уаанӡа Краснодартәи аҳазалхырҭа адырра ҟанаҵахьан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" акурорт аамҭазы иара иамоу алшарақәа раасҭа бжьынтәы еиҳаны ауааи атранспорти рымаҵ аура шақәшәо. 2023 шықәса лаҵара 1 инаркны аҳәаа наҟ-ааҟгьы иахысхьеит хә-миллионҩык ауааԥсыреи 800 000 ак атранспорттә хархәагақәеи. Арахь иаҵанакуеит 30 000 аекскурсиатә автобусқәагьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0