Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ахақәиҭра амҵәыжәҩақәа": Милена Барцыцԥҳа лашәа ҿыц ӡырган Sputnik аҿы

© Sputnik / Леон Адлейба Презентация новой песни Милены Барциц
Презентация новой песни Милены Барциц  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2023
Анапаҵаҩра
Апроект "Детская Новая волна", ателехәаԥшратә еицлабрақәа "Голос. Дети", "Битва талантов" рлахәыла Милена Барцыцԥҳа лашәа ҿыц ҩуп аԥсуа поет Борис Гәыргәлиа иажәеинраала иалхны.
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа шәаҳәаҩы Милена Барцыцԥҳа ашәа "Ахақәиҭра амҵәыжәҩақәа" ҭалҩит, иара Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амшныҳәа иазкуп. Ашәа ӡырган Sputnik апресс-центр аҿы. Раԥхьаӡа акәны Милена ари ашәа ара иналыгӡеит.
© Sputnik / Леон Адлейба Аԥсуа шәаҳәаҩы Милена Барцыцԥҳа
Презентация новой песни Милены Барциц  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2023
Аԥсуа шәаҳәаҩы Милена Барцыцԥҳа
Ашәа аԥсуа хәҭа еицырдыруа апоет Борис Гәыргәлиа иажәеинраала иалхуп, урысшәала иҭаҩу- анагӡаҩ авторс дрымоуп.
"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аԥсуа поезиа даара аинтерес сымоуп, инарҵауыланы абызшәа аҵара сҽазыскит. Москва сахьыҟоу, уи акраҵанакуаны исыԥхьаӡоит", - лҳәеит Барцыцԥҳа.
"Аԥсны" захьӡыз Борис Гәыргәлиа иажәеинраала анылба Милена илыӡбит ашәа лҩырц, уи ашәа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амшныҳәа иазылкырц.
"Ари арыцхә аҵак ду аманы сахәаԥшуеит Аԥсны ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы. 2008 шықәсазы Урыстәыла иҟанаҵаз азхаҵара ҳтәыла еиуеиԥшым алшарақәа анаҭеит. Сгәы иаанагеит ари арыцхә аҟазара аганахь алагьы иазгәаҭатәуп ҳәа" - лҳәеит ашәаҳәаҩ.
Милена Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2023
Аԥсны
Милена Барцыцԥҳа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амшныҳәазы ашәа ҭалҩит
Акомпозициа аԥҵара иадыԥхьалан ахәыҷтәы студиа "StRaZa". Астудиа анапхгаҩы, ашәаҳәаҩ Рамина Задеи иазгәалҭеит, апатриоттә ашәақәа рыҩреи рынагӡареи ахәыҷқәа анырра шрырҭо.
"Убри азы ари апроект акраҵанакуаны исшьеит. Милена ҭабуп ҳәа ласҳәоит иҳалҭаз алшаразы. Ашәа ирласны иаҳҵеит, иҭааҩит. Даара ҳаигәырӷьон ԥхьаҟагьы асеиԥш апроектқәа ҳрылахәхар", - лҳәеит Задеи.
© Sputnik / Леон Адлейба Презентация новой песни Милены Барциц
Презентация новой песни Милены Барциц  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2023
Презентация новой песни Милены Барциц
Ашәа ҭаҩын аплатформа "Аԥсны аԥеиԥш" ацхыраарала, уи ахықәкы - аԥсуа бызшәеи амилаҭтә культуреи рӡыргара ауп. Аплатформа ацхантәаҩы Милана Ҳашԥҳа иазгәалҭеит, Милена Барцыцԥҳа агәыҳалалратә еиҿкаара далахәуижьҭеи акыр шықәс шҵуа, ари ашәагьы лара лганахьала ишраԥхьатәим.
"Раԥхьаӡа ари ашәа анысзылҳәа сара еилыскааит - иаҭаху шакәыз. Ахьыԥшымра Амш азы џьара иалкаау ак аҟаҵара ҳҭахын, избанзар ари амш иазгәаҭатәу мшуп, ныҳәоуп. Милена уи лыллыршеит", - лҳәеит Ҳашԥҳа.
Милана Ҳашԥҳа Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟалҵеит амилаҭ культура, аԥсуа бызшәа алазырҵәо апроектқәа аинформациатә ӡыргара рырҭаларц.
Милена Барцыцԥҳа дрылахәхахьеит ашәаҳәаратә конкурсқәа "Голос. Дети", "Детская Новая волна", "Битва талантов", Гнесинаа рыхьӡ зху Урыстәыла амузыкатә Академиа доушьҭымҭоуп. Уи адагьы, Барцыцԥҳа - аиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" далахәылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0