Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Медведев: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара Кавказ аҭынчра шьақәнаргылеит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииАслан Бжания и Дмитрий Медведев
Аслан Бжания и Дмитрий Медведев - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 26 2008 шықәсазы Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа ишазханаҵо азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. 2008 шықәсазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара ус имариамызт, аха уи аӡбамҭа Кавказ аҭынчра шьақәнаргылеит, ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ахьчеит. Абри атәы иҳәеит ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев ареспубликақәа рхадацәа Аслан Бжьаниеи Алан Гаглоевы данырԥылоз.
Медведев Аԥсны жәлар рхьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит.
"Аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, урҭ ԥхьаҟагьы хымԥада аҿиара роуеит", - иҳәеит Медведев.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла иқәынхо ажәлари, хаҭала Медведеви ҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиаразы иҟарҵо ацхырааразы. Бжьаниа иажәақәа рыла, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аҭынчра азаанагеит.
Бжьаниа иҳәеит 1993 - 2008 шықәсқәа рыҩнуҵҟа Гал араион аҿы атерактқәа ирхырҟьаны шәҩыла ауаа шҭахаз.
Сергей Шамба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Аԥсны
Шамба: Аԥсны зықәгәыӷуа аҩыза-Урыстәыла ауп
"Иҭынчрахеит, аҳәаа рӷәӷәоуп. Аҭынчԥсҭазаара ҳазыхынҳәит. Хыԥхьаӡара рацәала ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, атеатрқәа, аспорттә хыбрақәа еиҭашьақәыргылоуп", - иҳәеит ахада.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Урыстәыла Аԥсны ианаҭаз аҭынчра ажәлар есымшагьы пату шырзақәу.
"Акыр шықәса ахьыԥшымреи ахақәиҭреи рымҩа ҳақәын. Ашьеи аԥхӡи рыла ихҟьан уи амҩа, аха аҵыхәтәан Урыстәыла иабзоураны аиашара аиааира агеит. Ишәасҳәар сҭахуп еицымҩаԥааго аусурақәа ԥхьаҟатәи аҿиара шроуа, ҳаиҩызарагьы еиҳа-еиҳа ишыӷәӷәахауа", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Нанҳәа 26 2008 шықәсазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0