https://sputnik-abkhazia.info/20230826/afestival-khybla-gerzmaaa-shaalykhoit-aatit-aa-1047695368.html
Афестиваль “Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...” аатит Аҟәа
Афестиваль “Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...” аатит Аҟәа
Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш аҽны Аҟәа иалагеит аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа лфестиваль, уи хыркәшахоит нанҳәа 28 рзы Пицундатәи ауахәама аҿаԥхьа. 26.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-26T22:15+0300
2023-08-26T22:15+0300
2023-08-26T22:27+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/0d/1043586669_0:0:3147:1770_1920x0_80_0_0_31e4deaf9ca929a004609f8c95be3a8b.jpg
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Афестиваль “Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...” иалагеит Аҟәа асабша, нанҳәа 26 рзы.Аконцерт алагамҭазы агәырӷьаратә усмҩаԥгатә алахәцәа апресса рахь ицәырҵит.Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа иазгәалҭеит афестиваль есышықәса аҽшаԥсахуа, апрограмма аҽшеиҭанакуа.Аопера аеҵәахә иҭабуп ҳәа ралҳәеит Аԥсни Урыстәыла ркультура аминистррақәа, иара убас афестиваль аиҿкаараҟны зџьабаа ыҟоу зегьы.Атеатр Ду адирижиор Антон Гришанин иазгәеиҭеит Аԥсны аҟазаареи абри аҩыза апроект алахәхареи иара изы ишыхьӡ дуу.Аконцерт мҩаԥысуеит Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы. Иаарту асценаҿы Флориа Тоска лроль назыгӡо аопера аеҵәахә лыдагьы ашәа рҳәоит еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩцәа Владислав Сулимскии Иван Гынгазови.Урҭ инарыцлеит ашәаҳәаҩцәа ҿарацәагьы - 2023 шықәса рзы имҩаԥысуаз Хьыбла Гьерзмааԥҳа еиъылкааз Раԥхьатәи жәларбжьаратәа аицлабра алауреатцәа: Алексеи Кулагин, Виачеслав Василиев, Глеб Периазев, Дамир Садуахасов, Мариа Лупарева, Ливеи Хоу.Афестиваль аҟынтәи ишиашоу ицо аефир шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik Аԥсны аурыс даҟьаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/0d/1043586669_110:0:2841:2048_1920x0_80_0_0_9271ee17ee562f03fc872542fc68560d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Афестиваль “Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...” аатит Аҟәа
22:15 26.08.2023 (ирҿыцуп: 22:27 26.08.2023) Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш аҽны Аҟәа иалагеит аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа лфестиваль, уи хыркәшахоит нанҳәа 28 рзы Пицундатәи ауахәама аҿаԥхьа.
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Афестиваль “Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...” иалагеит Аҟәа асабша, нанҳәа 26 рзы.
Аконцерт алагамҭазы агәырӷьаратә усмҩаԥгатә алахәцәа апресса рахь ицәырҵит.
Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа иазгәалҭеит афестиваль есышықәса аҽшаԥсахуа, апрограмма аҽшеиҭанакуа.
“Сара исҭахуп Аԥсныҟа иҿыцу, иԥшӡоу акы ааргаларц. Ҳара есышықәса иҿыцу џьара ак ҳхәыцуеит. Сынтәа иааҳгеит иссиру Москватәи Аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр", - ҳәа инаҵылшьит Гьерзмааԥҳа.
Аопера аеҵәахә иҭабуп ҳәа ралҳәеит Аԥсни Урыстәыла ркультура аминистррақәа, иара убас афестиваль аиҿкаараҟны зџьабаа ыҟоу зегьы.
Атеатр Ду адирижиор Антон Гришанин иазгәеиҭеит Аԥсны аҟазаареи абри аҩыза апроект алахәхареи иара изы ишыхьӡ дуу.
“Апрограмма даара ишьахәуп. Ҵыԥх ишыҟаз сыздыруам, аха сынтәа даара иӷәӷәаны аус аауит. Имариамызт ҳус. Аҽазыҟаҵарақәа рымҽхак ҭбаан, избанзар аспектакль "Тоска" даара имариам. Аха иҳалшеит, ахәаԥшцәа иргәаԥхап ҳәа сгәыӷуеит", - иҳәеит Гришанин.
Аконцерт мҩаԥысуеит Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы. Иаарту асценаҿы Флориа Тоска лроль назыгӡо аопера аеҵәахә лыдагьы ашәа рҳәоит еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩцәа Владислав Сулимскии Иван Гынгазови.
Урҭ инарыцлеит ашәаҳәаҩцәа ҿарацәагьы - 2023 шықәса рзы имҩаԥысуаз Хьыбла Гьерзмааԥҳа еиъылкааз Раԥхьатәи жәларбжьаратәа аицлабра алауреатцәа: Алексеи Кулагин, Виачеслав Василиев, Глеб Периазев, Дамир Садуахасов, Мариа Лупарева, Ливеи Хоу.
Афестиваль аҟынтәи ишиашоу ицо аефир шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik Аԥсны аурыс даҟьаҿы.