Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Володин Лаша Ашәба Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Спикер Госдумы России Вячеслав Володин и Спикер парламента Абхазии Лаша Ашуба
Спикер Госдумы России Вячеслав Володин и Спикер парламента Абхазии Лаша Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Анапаҵаҩра
15 шықәса раԥхьа Урыстәылатәи Афедерациа Кавказ ареспубликақәа ҩба - Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа азханаҵеит.
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба идиныҳәалеит Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш. Абри атәы аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.

"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аҿиара иаҿу ҳпарламенттә усеицура ҳтәылақәа реизыҟазаашьа арӷәӷәара иацхраауеит. Шәареи шәколлегацәеи, ҳаиашьаратә аԥсуа жәлари ирзеиӷьаҳшьоит аизҳазыӷьареи ашәҭыкакаҷреи", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.

2008 шықәса нанҳәа 7-8 руха ҭынч ицәаз Цхинвал ақалақь Қырҭтәыла алахысуа иалагеит, Хәымш ицоз аибашьра ахы акит. Урыстәыла ареспублика ауаажәлар ахьчаразы игылеит. Қырҭтәыла мчыла аҭынчра иазаанагеит.
Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Уи аахыс ари амш атәылаҿы иҳәынҭқарратә ныҳәаны иазгәарҭоит.
Ари арыцхә азгәаҭаразы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла аделегациа - Афедерациа Ахеилаки Аҳәынҭқарратә Думеи рхаҭарнакцәа.
Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Ажәлар ргәазыҳәара наӡеит: Аԥсны Ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса ҵуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0