Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҭаниаԥҳа Агәыӡера иҟоу Дырмит Гәлиа иҩназы: абна ахыҵәан иҟоуп

Ҭаниаԥҳа Агәыӡера иҟоу Дырмит Гәлиа иҩназы: абна ахыҵәан иҟоуп
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Агәыӡера иԥсы ахьишьоз, дахьынхоз аҩнаҿы иргылоуп аинформациатә ӷәы. Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩы Елла Ҭаниаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит, аҩны иадҳәалоу аҭоурыхқәеи, амузеи аусзуҩцәа имҩаԥыргаз акциа ҵакыс иамоуи ртәы.
Аибашьраан аҩны ааха ду аиуит, уи ашьаҭагьы убарҭам уажәы ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ҭаниаԥҳа.
"Аҭагылазаашьа угәы унархьыртә иҟоуп. Аҩны абна ахыҵәан иҟоуп, ашьаҭа убарҭаӡам, ишгылазгьы уаҩы издырӡом, уи ауп аӷәы уа арсра саҳҭаххаз. Гәлиа аамҭа анимаз уаҟа иԥсы ишьон, ирацәаҩуп ииҭаауаз еицырдыруа ауаа. Амузеи афонд аҿы иҳамоуп уи зыршаҳаҭуа афотосахьақәа, аха имаҷуп аҩны ахаҭа иадҳәалоу аматериалқәа", - еиҭалҳәеит Ҭаниаԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0