Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Александр Лукашенко имшира идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2023
Анапаҵаҩра
Белоруссиа ахада Александр Лукашенко иахьа 69 шықәса ихыҵит.
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Александр Лукашенко имшира идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Лукашенко ипрофессионализм ҳаракы, ижәлар ринтерес аԥхьа изыргыло ҳәынҭқарратә усзуҩны дшыҟоу.
"Агәрагара сымоуп ҳтәылақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицура аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рахь ҳашкылнаго", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Аԥсны ахада Александр Лукашенко изеиӷьеишьеит агәабзиара зҩыда, анасыԥ, аҳәынҭқарратә усқәа рҿы ақәҿиара ду, Белоруссиа атәылауаа – аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0